Ҭырқәтәыла атәылауаҩ иӷьычра инамаданы ашьаус хацыркуп

© Sputnik Прокуратура.
Прокуратура. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыга ӷба акаԥдан Селима Каиа дырӷьычит Очамчыра ақалақь аҟны жәабран 9 асааҭ 20:40 рзы.

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыга ӷба акаԥдан Селима Каиа дырӷьычит Очамчыра ақалақь аҟны жәабран 9 асааҭ 20:40 рзы. Очамчыра араион апрокуратура жәабран 10 рзы абри аганахь ала ашьаус хацнаркит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

МВД - Sputnik Аҧсны
Очамчыра Ҭырқәтәыла атәылауаҩ дырӷьычит

"Иҟоу адыррақәа рыла 2018 шықәса жәабран 9 асааҭ 20:40 рзы Очамчыра ақалақь Габлиа имҩаҿы зхаҭара шьақәыргылам, асабардақәа зҿаз ҩыџьа ауаа атапанчақәа кны иааныркылеит Ԥачлиа Георги Мурҭаз-иԥа зыԥсҟы икыз, ҭырқәтәыла атәылауаҩ, 1969 шықәса рзы ииз Каиа Селим дызҭатәаз автомашьына "БМВ 740". Ԥачлиа автомашьына мчыла дҭыганы дара иара абри автомашьынала рҽырӡеит" ҳәаа ҳәоит адырраҭараҟны.

Жәабран 10 рзы амҩаду Ԥсоу — Игры ирбеит автомашьына. Иара аԥхьатәи асаркьа ахы алҟьаны иҟан.

Ахҭыс аганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0