"Агазеҭ "Республика Абхазия" аизга ҭыҵит

© Sputnik / Илона ХварцкияГазета "Республика Абхазия"
Газета Республика Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зтираж 500 екземплиар иҟоу 14.08.1992 – 30.09. шықәсқәа рзы иҭыҵыз "Агазеҭ "Республика Абхазия" аизга ҭыҵит.

АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. Зтираж 500 екземплиар иҟоу 14.08.1992 – 30.09.шықәсқәа рзы иҭыҵыз "Агазеҭ "Республика Абхазия" аизга ҭыҵит Аҟәа. Абри атәы иҳәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз аизга аиқәыршәаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.

Аизга иагәылалеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭыҵыз агазеҭ аномерқәа.

"Имаҷуп абиблиотекақәа, ианаауҭаххо агазеҭ аномерқәа зегь ахьыуԥшаауа. Сара ибзианы еилыскаауан асеиԥш аизга хра аманы ишыҟоу, избанзар хаҭала издыруан агазеҭ аномерқәа зегьы рыԥшаара заҟа иуадаҩыз. Сара, аибашьра аҭоурых, агазеҭ сзымԥшаауазар, ашколхәыҷқәа, астудентцәа уи зынӡагьы иашьҭалом. Убри азы агазеҭ уаанӡатәи аредактор Витали Чамагәуа сизасит. Уи агазеҭ аномерқәа зегьы еиҵаӡахны иман, аха уаҟагьы иалшәақәаз ыҟан", — ҳәа еиҭеиҳәоит Аслан Аҩӡба.

Аҭоурыхҭҵааҩ еиҭеиҳәеит аибашьра ианалага агазеҭ аҭыжьра Гәдоуҭаҟа ишиагахаз.

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Ҳашыг: "Аинформациа аиуразы" азакәан - идемократиатәу закәануп

"Аҟәантәи Гәдоуҭаҟа инеиз агазеҭ аусзуҩцәа иаразнак нап адыркит агазеҭ уаҟа аҭыжьра. Уи ауадаҩрақәа ацын, аха Витали Чамагәуа илиршеит гәдоуҭатәи атипографиаҿы агазеҭ ҭыҵуа аҟаҵара", — иҳәоит Аҩӡба.

Аслан Аҩӡба иазгәеиҭоит агазеҭ "Республика Абхазия" адаҟьақәа ишырныԥшуа Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых.

"Зны-зынла ауаҩы дызхысыз ихашҭуеит. Аха узхысыз анухашҭ иҟалоит уаҵәтәи амшгьы уцәыӡыр. Аибашьра еилгеижьҭеи 25 шықәса ҵит. Иалшоит усҟантәи аамҭа ҿаҿаӡа аҭоурых иазынзыжьуа аматериалқәа ҳцәыӡыр", — иҳәеит иара.

Аҭоурыхҭҵааҩ иҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Зтираж 500 екземплиар иҟоу 14.08.1992 – 30.09.шықәсқәа рзы иҭыҵыз "Агазеҭ "Республика Абхазия" аизга ҭыҵит. Иара ахышәа-ҵышәы 920 даҟьа ыҟоуп.

"Ҳәарада 500 екземплиар маҷуп асеиԥш иҟоу аинформациаз", — ҳәа иҳәоит Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла аԥхьаҩ иоуеит алшара хра змоу аинформациа ҭбаа аиуразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0