Амҩатә машәыр иахҟьаны ахәыҷы дҭахеит

© Sputnik / Илона ХварцкияМилиция
Милиция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 13 рзы Аҟәа ақалақь, Адлеиба имҩаҿы амҩатә машәыр ҟалеит.

АҞӘА, жәабран 15– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арыжәтә ыжәны иҟаз ахаҵа зыԥсҟы икыз автомашьына жәабран 13 рзы жәашықәса зхыҵуа ахәыҷы исит. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

"Арыжәтә ыжәны иҟаз ахаҵа зыԥсҟы икыз автомашьына ГАЗ 31105, Аҟәа ақалақь, Адлеиба имҩаҿы игыло аҩны №161 ааигәара, жәабран 13, асааҭ 16.10 рзы жәашықәса зхыҵуа ахәыҷы исит. Амашьына аԥсҟы зкыз арыжәтә ыжәны дшыҟаз шьақәыргылан анаркологиатә диспансер аҟны" ҳәа аанацҳаит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Автомашьына зысыз ахәыҷы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган, аха аамҭақәак рышьҭахь иԥсҭазаара далҵит.

Автомашьына аԥсҟы зкыз даанкылоуп. Ашьаусҭҵаара мҩаԥнагоит ақалақьтә прокуратура.

Ажәабжьқәа зегьы
0