Урыстәылатәи ашәҩа ала аиԥхныҩцәа аразны медалқәа ранашьахеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийский спортсмен Александр Большунов после финиша
Российский спортсмен Александр Большунов после финиша - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахацәа рыбжьара ашәҩақәа рыла 4х10 километр еиԥхныҩлоз рыбжьара урыстәылатәи аспортсменцәа Андреи Ларьков, Александр Большунов, Алексеи Червоткин, Денис Спицов аразны медалқәа ранашьахеит.

АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. Пхенчхан имҩаԥысуа аолимпиадаҿы ахацәа рыбжьара ашәҩақәа рыла 4х10 километр еиԥхныҩлоз рҟынтә урыстәылатәи аспортсменцәа Андреи Ларьков, Александр Большунов, Алексеи Червоткин, Денис Спицов аразны медалқәа ранашьахеит.

Ашәҩатә еиԥхныҩлара афедерациа аиҳабы Елена Виальбе аспортсменцәеи урҭ разыҟаҵаҩцәеи дрыдныҳәалеит.

Уаанӡа аҳәса рыбжьара аиндаҭлараҿы урыстәылатәи аспортсменкацәа ахԥатәи аҭыԥ ааныркылахьан.

Аестафетаҿ аиааира ргеит Норвегиатәи аспортсменцәа. Урҭ адистанциа иахысит сааҭки 33 минуҭи 4,9 секунди рыла. Урыстәылатәи аспортсмен Денис Спицов 9 секундк рыла уи диеиҵахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0