Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка к 50-летию Сухумского художественного училища в ЦВЗ
Выставка к 50-летию Сухумского художественного училища в ЦВЗ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа 50 шықәса ахыҵуеит.

АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа 50 шықәса ахыҵуеит. Уи иазкуп Аҟәа, ацентртә цәыргақәҵатә зал аҟны иаарту аҵараиурҭа аушьҭымҭацәеи астудентцәеи рцәыргақәҵа. Ари аҵыхәтәантәи ахәышықәса рыҩныҵҟа иҟарҵаз усумҭақәоуп иҳәеит аҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба. 

Аекспозициа Ацәыргақәҵатә залқәа рыҩбагьа аныркылоит.

Екатерина Еџьан - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ қәыԥш: ссахьақәа сгәалаҟазаареи сцәаныррақәеи рныԥшуеит

"Актәи азал аҟны ицәыргоуп асахьақәа, аскульптурақәа, акерамикатә лыхымҭақәа", — иҳәеит Адлеиба.

Астудентцәеи аушьҭымҭацәеи рцәыргақәҵа ианыԥшуеит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа атрадициақәа.

"Иахьа ижәбо иаанарԥшуеит аҵараҿы ҳара шьаҭаны иҟаҳҵо аклассика шакәу. Ибзианы еилаҳкаауеит аклассикатә знеишьа аҵакы иамоу. Иара убри аан аамҭа иҟанаҵо аныррагьы. Аҟазараҿы ицәырҵуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа", — иҳәоит Адлеиба.

Ацәыргақәҵахь иааит аҟазара абзиабаҩцәа реиԥш дара авторцәагьы.

"Абар ҩышықәсоуп асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы аҵара сҵоижьҭеи. Даара исгәаԥхоит сызҿу. Арҵаҩцәа ссирқәа ҳамоуп. Урҭ рдырра рԥышәа ҳамардоит. Сара аскульптура еиҳа исықәманшәалахоны избоит", — лҳәоит аҩбатәи акурс астудентка Рада Џьынџьалԥҳа.

Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәеи аушьҭымҭацәеи рцәыргақәҵа хыркәшахоит жәабран 28 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0