Гәылиа: ахашәала аазымго анаплакқәа русура аанкылахоит

© Sputnik Бадри Есиава Заур Гулиа
Заур Гулиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит, аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аҳәынҭқарратә наплакқәа алархәны.

АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аекономика аминистрра ахәаԥшраны иҟоуп анапаҵаҟа иҟоу аҳәынҭқарратә наплакқәак ԥхьаҟа аус рыцура, урҭ аҳәынҭқарра ахашәала арымҭозар, асоциалтә усқәа рзымыӡбозар ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәылиа.

"Аҳәынҭқарратә унитартә наплакқәа ирнапынҵоуп афеида аагареи асоциалтә усқәа рыӡбара аиҿкаареи. Дара арҭ анапынҵақәа рзынамыгӡозар, урҭ рыҟазаара азҵаара цәырнагоит. Уажәы аминистрра арҭ анаплакқәа русура анализ рызнаураны иҟоуп", — иҳәеит Гәылиа.

Заур Гулия - Sputnik Аҧсны
Гәылиа: акадыртә резерв азырхиара ҳәынҭқарратә усуп

Гәылиа иажәақәа рыла аилацәажәара иалахәын: "Апсныргылара", "Абхазвторресурсы", "Абхазуниверсалторг", "Молзавод", азауадқәа "Заря", "Абхазтоп" рнапхгаҩцәа.

Анаплакқәа рнаплакыҩцәа иазгәарҭеит 2017 шықәса дара рзы иуадаҩыз шықәсны ишыҟаз, уи аобиективтә мзызқәа шамаз.

Гәылиа иажәақәа рыла Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба аҳәынҭнаплакқәа рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит русуреи рыҿиара амодели рыплан аус адыруларц, ишьақәыргыло аҿҳәара инақәыршәан ахәаԥшразы ицәырыргарц.

Убри аан Аекономика аминистрраҿы иаԥҵо, абарҭ анаплакқәа русура акоординациа азҭо аструктуратә еилазаарақәа ацхыраара рзыҟарҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0