Аҳәаа иахыгоуп шә-тоннак рҟынӡа амимоза

© Sputnik / Илона ХварцкияСбор в мимозы в селе Пшап.
Сбор в мимозы в селе Пшап. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭан 256 тонна аразны лакациа (амимоза) Аԥсны анҭыҵҟа агара.

АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik. 2018 шықәса рзы 2017 шықәса иадкыланы амимоза аҳәаа ахыгара акыр еиҳаны ирыԥхьаӡоит. Иахьатәи аамҭазы аҳәаа иахыргахьеит 96 тонна ашәҭ. Абри атәы аҳәоит Аладатәи аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амимоза ргоит. - Sputnik Аҧсны
Уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахыргоит 12 тонна рҟынӡа амимоза

"Ҵыԥх аасҭа сынтәа хынтәны еиҳаны амимоза ииагоуп. 2017 шықәса абри аамҭазы 33,5 тона ракәын аҳәаа иахрыжьхьаз", — ҳәа аҳәоит аҳазалхыҩцәа рдырраҭараҿы.

Амимоза еиҳарак иргоит Москва, Санкт-Петербург, Шәача ақалақьқәа рахь.

Аусбарҭа асаит аҿы иарбоуп лассы иԥхасҭахар зылшо ашәҭ аалыҵ ирласны аҳәаа ахыжьразы аҳазалхыҩцәа рхы ишадырхәо ирмариоу апроцедурақәа, адокументқәа реиҿкаара маншәала.

Атранспорттә хархәагақәа ракәзар аидара ақәымхыкәа аамҭақәак ирылыршаны агәаҭара мҩаԥыргоит аҿыц технологиақәа рхархәарала.

2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭан 256 тонна аразны лакациа (амимоза) Аԥсны анҭыҵҟа агара.

Ажәабжьқәа зегьы
0