Аԥсны мшаԥымзазы акинофестиваль мҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik / Илона ХварцкияSIFF
SIFF - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи акинофестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны мшаԥымза 2-6 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи акинофестиваль иалало афильмқәа рсиа еиҿкаауп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит ҳәа еиҭалҳәеит афестиваль аиҿкааҩ Илона Хәарцкьиаԥҳа.

"Жәабран 20 рзы ихҳаркәшеит азыҳәақәа рыдкылара. Алхратә комиссиа аусура иалагеит. Афестиваль иалахәхо афильмқәа рхыԥхьаӡара 30 рҟынӡа инаӡоит. Афестиваль иалахәхоит Мраҭашәаратәи Европа, Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Марокко, Тунис, Аладатәи Кореиа рҟынтәи аҭыхымҭақәа", — ҳәа еиҭалҳәоит Хәарцкьиаԥҳа.

Афестиваль аконкурстә программа иалоуп зметраж кьаҿу афильмқәагьы, аамаҭала 10-30 минуҭ инаӡоу.

Иҟоуп тәылак, темак иазку афильмқәа ҩба-хԥагьы анҳадаҳкылаз лҳәоит Хәарцкьиаԥҳа.

"Урҭ афильмқәа убасҟак иаҳгәаԥхеит, иалҳамхыр ҳалымшеит. Арахь иаауеит афильмқәа ррежисиорцәа, актиорцәа ма урҭ рхаҭарнакцәа. Дара ара иаанхоит "афестиваль нҵәаанӡа. Урҭ рзы еиҿкаахоит агәмырҿыӷьгатә программа – еиуеиԥшым аекскурсиақәа", — лҳәоит лара.

Жәларбжьаратәи акинофестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны мшаԥымза 2-6 рзы. Афестиваль аартреи аркреи рцеремониа мҩаԥысуеит РУСДРАМ аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0