Алхрақәа раан ашәарҭадара еиҿыркаауан 300-ҩык рҟынӡа азинхьчара амаҵзуҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Российской Федерации в Абхазии
Выборы президента Российской Федерации в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахада иалхраан Аԥснытәи алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны еилагара ҟамлеит.

АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. Алхрақәа раан ашәарҭадара еиҿыркаауан 300-ҩык рҟынӡа азинхьчара амаҵзуҩцәа. Урыстәыла Ахада иалхраан Аԥснытәи алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны еилагара ҟамлеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Хаджимба проголосовал на выборах президента России - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла ахада иалхразы ибжьы аиҭеит

Урыстәыла Ахада иалхраан Аԥснытәи алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны еилагара ҟамлеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Аԥсуа милициа аусзуҩцәа ареспубликаҿы иаартыз алхратә ҭыԥқәа 20 рҟны иҟан. Абжьыҭирақәа рышьҭахь алхартә комисииақәа рлахәылацәеи алхартә документациеи Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭахь имҩаԥыргон.

Хәажәкыра 18, ашьыжь асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа иаатит алхырҭатә ҭыԥқәа 20, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭирц ахьрылшоз.

Абжьыҭирахь инеиуа ирыман Урыстәыла атәылауаҩратә шәҟәы. Алхыҩцәа ирылшоит дара рҭыӡҭыԥ еиҳа иазааигәаны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ ахь инеины рыбжьы рҭиирц. Алхырҭатә ҭыԥқәа аус руан асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла ахада иалхразы ибжьы аиҭеит Аҟәатәи ажәиԥшьтәи абжьаратә школ аҿы иаарту алхырҭатә ҭып аҟны.

"Ари ахҭыс Урыстәылазы мацара азы акәӡам изыхадароу, ҳара ҳазгьы аҵак ду амоуп. Урыстәыла еснагь иӷәӷәаны иҟазар ауп аекономика, арратә мчқәа рганахьала, ус иагьыҟалоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семен Григорьев ареспубликаҿ имҩаԥысыз алхрақәа дрылацәажәо иҳәеит зегьы еиҿкаарыла ишымҩаԥгаз. Иара ишиҳәаз ала алхрақәа рхы рыладырхәит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы абжьыҭирахь имнеиуаз ауаагьы.

"Урыстәыла Ахада далхуа ауаа уаҵәтәи рԥеиԥш алырхуан", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0