Асҭамыр Џьопуа аӡбра ахалархәра мап ацәикит

CC0 / / Весы Фемиды, наручники и судейский молоток
Весы Фемиды, наручники и судейский молоток - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асҭамыр Џьопуа иганахь ала ахарадҵара шьақәирӷәӷәеит Аԥсны апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ. Аус нашьҭуп 2018 шықәса хәажәкырамзазы Аҟәа араион аӡбарҭахь.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik. Зықәра намӡацыз лцәа ԥиҽит ҳәа ахара зыдҵоу Асҭамыр Џьопуа иганахь ала аусӡбаратә еилыргара мҩаԥысуеит ахара здырҵо даламырхәӡакәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аофициалтә саит.

"Аҟәатәи араионтә ӡбарҭаҿы аӡбаҩ Александр Степанов хантәаҩра ззиуа аилазаара ахәаԥшуеит Асҭамыр Џьопуа иус. Зықәра намӡацыз лцәа ԥиҽит ҳәа ахара зыдҵоу Асҭамыр Џьопуа иганахь ала аусӡбаратә еилыргара мҩаԥысуеит ахара здырҵо даламырхәӡакәа, уи уахь анеира мап ахьацәикыз инадҳәаланы" ҳәа аҳәоит асаит аҟны.

Асҭамыр Џьопуа ихарара шьақәыргыланы аӡбарҭа аӡбра азинмчра аиуаанӡа ахара иқәуп ҳәа иԥхьаӡам.

2017 шықәса рашәарамза 13 рзы Аҟәа араион апрокуратура ашьаусҭҵаара хацнаркит 1981 шықәса рзы ииз Асҭамыр Џьапуа иганахь ала.

Ашьаус хацыркын аӡӷаб лан лырзаҳал шьаҭас иганы.

Ажәабжьқәа зегьы
0