АҶА аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукУчения МЧС в драмтеатре
Учения МЧС в драмтеатре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АҶА имҩаԥнагоз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын амцарцәагатәи ацхыраара ласыи рмашьынақәа. "Амца" иамҽхакны иаман 45 метр ԥшьыркца.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аԥсуа драматә театр аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит.

Алегенда инақәыршәаны амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭахьы аҭел иасит атеатр аҟны амцакра ҟалеит ҳәа. Амца акын 45 метр ԥшьыркца ирыҵаркуаз ахыбра ауадақәа руак. Уахь инеит амцарцәаҩцәеи ацхыраара ласы аусзуҩцәеи. Ахәаԥшыҩцәа здәылымҵуа мцала рымҩа кхеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукУчения МЧС в драмтеатре
Учения МЧС в драмтеатре - Sputnik Аҧсны
Учения МЧС в драмтеатре

Амцарцәаҩцәа аҩбатәи аихагылаҿ иҟоу аԥенџьырқәа рыла ихаланы "ааха зауз" дәылыргеит, урҭ амедицина усзуҩцәа ацхыраара рырҭеит.

"Ҳара зегьы ибзианы еилаҳкаауеит аҽазыҟаҵарақәа зымҩаԥысуа. Сынтәа ауснагӡатәқәа рацәаны ҳаԥхьа ишьҭоуп. Урҭ реиҳарак асеиԥш иҟоу ахыбрақәа рҿоуп иахьымҩаԥгахо. Ауаа рацәа еизоит. Иҟалар зылшо арыцҳарақәа раԥырҟәҟәаара ҳазыхиазароуп", — иҳәеит АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

Иара иажәақәа рыла аусбарҭа аусзуҩцәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа нарыгӡеит лҵшәала.

Иазгәеиҭеит ԥхьаҟазы еиуеиԥшым егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа шымҩаԥгахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0