Аҩӡба: иҳагу-иҳабзоу ҳала ихыибамыкшалакәа, бзиа ҳаибабаны ҳаицынхароуп

© Фото : Сырма АшубаМетин Авидзба
Метин Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа Меҭин Аҩӡба Ҭырқәтәылантәи иџьынџь ԥсадгьыл ахь нхараҳәа дыиасит. Аҽшԥеиҭанаки иара иԥсҭазаара арҭ ашықәсқәа ирылагаӡаны? Меҭин диҿцәажәон Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik.

- Меҭин, шаҟа шықәса ҵуеи уажәшьҭа Аԥсны шәынхоижьҭеи?

— Сара Аԥсны сынхоит 1990 шықәса раахыс, убрижьҭеи сыԥсадгьыл аҿы сыҟоуп. Сашьеи сареи ҳаицааит Ҭырқәтәылантәи.

- Ҭырқәтәыла шәабанхоз, шәқыҭа иахьӡыз?

— Гәдоуҭа, Ҟәланырхәа-Арҩыҭа ҳәа ақыҭа ыҟоуп, убра ҳанхон. Гәыматәқәоуп хылҵшьҭрала, ҳабду рыцҳа уа анышә дамадоуп. Ҳаҳәшьаԥацәа ахылаԥшуеит ажәытәтәи ҳанхарҭа.

 — Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара зықәшәада уабшьҭра аҟынтә?

Махмуд Кушьба - Sputnik Аҧсны
Маҳмуд Қәышьба: ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт

— Сара сабду иаб иоуп иагаз Ҭырқәтәылаҟа. Сабду Ҭырқәтәыла диит. Сабду иаб Жьагә ихьӡын, сабду Мамаҭ ихьӡын. Сара сан Ебжьноуԥҳан, Наазилье лыхьӡын. Саб иан Хәарцкьиаԥҳан, сан лан Ашәԥҳан. Ҳара аҭаацәараҿы хәҩык ахәыҷқәа ҳаҟан. Уажәазы ҩыџьа ҳауп иаанханы иҟоу. Ҳабацәа, ҳабдуцәа иаҳдырҵаз аԥсуара, аԥсшәоуп иаҳдыруа. Усҟан акы ахьаҳҵашаз ашкол ҳәа акгьы ыҟамызт. Аԥсуа цқьа ихныҟәгара, дзықәныҟәо аԥҟарақәа аԥсылман динхаҵараҿгьы иҟоуп, ақьырсиан динхаҵараҿгьы иҟоуп. Аԥсуа илеишәа, иқьабз, иламыс, ипату аҩыза змоу амилаҭ абаҟоу?

- Меҭин, Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа аара шԥаԥшьыжәгеи уашьеи уареи?

Донда Аҩӡԥҳа ҳәа дыҟоуп, Гәдоуҭа дынхоит. Лҭаацәеи лареи Ҭырқәтәыла инеит. Усҟан сара срықәымшәеит, Саудавтәи Аравиа аус зуан. Саҳәшьеи лареи еибабеит, нас ҭелла ҳаиҿцәажәеит. "С- Аҩӡԥҳауп, Аԥснынтә сааит", — анылҳәа, сцәа сынҭаӡыӡааит. "Аԥсныҟа анеираз угәы иаанагои?" — анылҳәа, иаразнак схы иҭаскит, сыԥсадгьыл еиқәзырхаз, заԥсуара казмыжьыз, заԥсшәа змырӡыз сыуаажәлар рахь сцоит ҳәа. "Иҟасҵара ббап", — ҳәа ласҳәеит. Шықәсык ахы-аҵыхәала сааит Аԥсныҟа, илзымдырӡакәа лара лҟынгьы снеит. "Ибасҳәахьаз бгәалашәоума?" — ҳәа саалыдгылеит. Санылба, дҵәыуо, дыҳәҳәо сыхәда дахьынҳалеит. Уи амш сара сыԥсы ахьынӡаҭо исхашҭраны сыҟаӡам.

- Шәыԥсадгьыл ауп, ааи, аха ишәцәыуадаҩызма ара ҿыц анхара алагара?

Сара знык сыԥсадгьыл ахь ҳәа санаа, егьа уадаҩра сԥынгыларгьы саиааир акәын. Имариамызт, хымԥада, еиҳарак аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа. Аха, аԥсуаа зегьы рзы ус иҟан, саргьы уи схы аласыгӡеит.

- Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра аус ишԥацхраатәу уара угәанала?

Ауадаҩрақәа зегьы урылацәажәо уалагар, изҳәогьы игәы инархьуеит, изаҳауагьы игәы инархьуеит. Бзиакгьы џьара ишыҟоу убароуп. Угәы ухазыршҭуа ауаа ҳамоуп Аԥсны. Раԥхьа Гәдоуҭа ҳанхон. Анаҩс, Гәылрыԥшьҟа сыиасит. Сгәыбылра адлеит, сынхоит-сынҵуеит иахьа аӷьараҳәа, схы сахашшаауам. Сара аибашьра анцоз аҭаацәара салалеит. Иахьа ҩыџьа сҭыԥҳацәа ирызҳауеит. Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьеит. Аиҳабы Наала, занааҭла дзиндырҩуп, аиҵбы — Сариа, дизаинеруп. Адгьыл ҳақәаарыхуеит, ҳхатә наплакы ҳамоуп. Излаҳалшо ала аус ҳуеит, ҳхы ныҟәаҳгоит, аԥсыуак дшынхо еиԥш ҳанхоит.

Исыцааз сашьа Иқьмеҭ идунеи иԥсаххьагәышьеит. Хәҩык ахшара иҭынхеит. Урылагәырӷьартә иҟоуп, Анцәа аԥсынҵры рыҭа. Урҭ Гәдоуҭа инхоит.

Ниджиза Арютаа - Sputnik Аҧсны
Арҩҭааԥҳа: ҳазшаз ҳразҟы иалеиҵеит ҳабдуцәа рыԥхыӡ иалаз Аԥсны ԥшӡа абара

- Меҭин, иахьа Гәылрыԥшь инхо ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара абанӡанаӡо?

Ҳазҭагылоу аамҭазы имаҷхеит. 20-25 ҭӡы раҟара аанханы иҟоуп. Аибашьра ашьҭахь инхоз рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳан, 300 ҭӡы инарзынаԥшуан. Аха изыхҟьазаалакгьы ихынҳәит. Сара усҟан Гәылрыԥшь араион иаҵанакуаз арепатриациа аҟәша аҟны еиҳабыс аус зуан.

27 шықәса ҵуеит Аԥсны сынхоижьҭеи, аиаша басҳәап, иацы саазшәа ауп схы шызбо. Сара истәӡам, сабаҟоу?— ҳәа ахаан схахьы имааиӡац. Уажәы аамҭа аҽаԥсахит. Ауадаҩрақәагьы маҷхеит. Акы згым дыҟаӡам, уахьынтәигьы иааз ак игуп, ара инхо ак игуп, аха иҳагу-иҳабзоу ҳала ихыибамыкшалакәа, бзиа ҳаибабаны ҳаицынхароуп. Зегь раԥхьа иргыланы, аҳәоуеиқәшәара ҳамазароуп. Владислав Арӡынба иажәақәа бзианы ишәгәаламшәои: "ҳџьынџьуаа рыда ԥсыхәа ҳамаӡам", — ҳәа. Аҿиарақәа маҷхеит, ҳаҷкәынцәа машәырла иҭахоит, урҭқәа зегьы гәыхьуп. Ҳхыԥхьаӡара унахәаԥшыр, ҳрыцҳауп. Ҳаиҵыҵроуп, ҳаҿиароуп, абааԥсы!

Аԥсны еиӷьу аҭыԥ џьаргьы иҟаӡам, агәра жәга. Аԥсуа иитәу Аԥсадгьыл ауп, Аԥсны ауп. Ҳаидгыланы, ачҳара аарԥшны ҳаԥсадгьыл ҳаркакаҷроуп. Уара убзиахар, угәылагьы дыбзиахоит. Ауаҩы игәы ҟазҵо, игәы ҭызго —ауаҩы иажәа ауп, ихаабызшәоуп. Аԥсны иазкны ажәак зҳәаз, Аԥсны зҭаху иоуп!

Ажәабжьқәа зегьы
0