Аԥсны "Ҟрым аҩызцәа рклуб" иалалеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на Крым
Вид на Крым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ҟрым аҩызцәа Аԥснытәи рклуб" ареспубликақәа рыбжьара акультура, аспорт, аҭҵаарадырра, аекономика русхкқәа рҟны реинырра аҿиара иацхраалоит.

АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны "Ҟрым аҩызцәа рклуб" иалалеит иҳәеит АРСМИРА имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны аклуб ахантәаҩы Артур Амқәаб.

"2017 шықәса рзы Ҟрым аиҳабыра ирыӡбеит Ҟрым аҩызцәа рассоциациа аиҿкаара. Иара иалалеит 30 рҟынӡа еиҿкаара еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә. Аклуб алалара аҟнытә ҳара ҳазыԥшуп аусеицура бзиа, избанзар "Ҟрым аҩызцәа рклуб" ареспубликақәа рыбжьара акультура, аспорт, аҭҵаарадырра, аекономика русхкқәа рҟны реинырра аҿиара иацхраалоит", — иҳәеит Артур Амқәаб.

Иара иҳәеит аклуб мызқәак раԥхьа ишеиҿыркааз, макьаназ Аԥсны иара ишалахәылацәоу фҩык ауаа, аха асиа ацҵара шалшо.

Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ахба: аиқәшаҳаҭрақәа ицәырыргар зылшо апроблемақәа ҳрылацәажәоит

Амқәаб иазгәеиҭеит Аԥсни Ҟрыми рыбжьара шәышықәсала аимадарақәа шыҟаз, реиҩызара акәзар, аусеицура ишазырхаз.

Апарламент адепутат, аклуб алахәыла Левон Галустиан иҳәеит Аԥсны Ҟрым 2014 шықәса рзы имҩаԥгаз ареферендум адгылара шанаҭаз.

Асеиԥш иҟоу ауаажәларратә еиҿкаара Аԥсны аԥҵара ишьақәнарӷәӷәоит ареспубликаҿы акультуратәи, аҵаратәи, аҭҵаарадырратәи еимадарақәа реиҭашьақәыргылара ишазыхио иҳәеит адепутат.

Аиҿкаара "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа илҳәеит асеиԥш аинырра арекреациатә туризм ишацхраауа.

"Абри аганахь ала аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩхар ҟалоит", — лҳәеит лара.

Кьычԥҳа иара убасгьы дрықәыӡбеит Ҟрым Урыстәыла алалара азакәаншьаҭа амамызтә ҳәа аҳәаанырцәтәи аполитикцәақәак ражәақәа, илҳәеит Аԥсни Ҟрыми рҽеидыркылалар шакәу.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба иҳәеит аминистр Даур Ақаҩба аӡбамҭа шидикылахьо Аԥсни Ҟрыми реинырра азҵаарақәа знапы ианыло аҟәша аминистрраҿы аԥҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0