Ашьапылампыл азы ааԥынтәи ахәмаррақәа ирылагеит

© Фото : Предоставлено: Федерация футбола АбхазииВесенние игры детской футбольной лиги
Весенние игры детской футбольной лиги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааԥынтәи ахәмаррақәа ирылахәуп 2008 шықәса рзы ииз рҟынтәи еизгоу акомандақәа фба, 2007 шықәса рзы ииз рҟынтәи еизго акомандақәа ааба, 2006 шықәса рзы ииз рҟынтәи акомандақәа жәаҩа, 2004 шықәса рзы ииз рҟынтәи акомандақәа ааба.

АҞӘА, мшаԥы 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы ахәыҷтәы лига ааԥынтәи ахәмаррақәа ирылагеит, урҭ хыркәшахоит рашәарамза 10 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы алига адиректор Витали Федоренко.

"Алига иалахәуп Аԥсны араионқәа зегьы рхаҭарнакцәа. Атурнир аадыртит 2004 шықәса рзы ииз ашьапылампыласыҩцәа, аамҭақәак рышьҭахь урҭ ирыцлеит 2006, 2007, 2008 шықәсқәа рзы ииз аспортсменцәа қәыԥшцәа. Арҭ аҩымзк рыла аспортсменцәа гәыԥ-гәыԥла еихшахоит. Команда-цыԥхьаӡа жәаба-жәаба хәмарра мҩаԥыргоит", — иҳәеит иара.

Арбитр проводит линию перед игроками. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл азы ачемпионат аӡбаҩцәеи рыцхырааҩцәеи рыхьӡ ҳәоуп

Федоренко иҳәеит ахәмаррақәа зегьы Аҟәа ишымҩаԥгахо.

"Ахәмаррақәа раан арбитрцәас иҟалоит иреиҳау алига аӡбаҩцәа – ахәыҷқәа рыхәмарра ииашаны ахылаԥшра аиурц, даргьы ахәмарра аԥҟаррақәа ддырҵарц. Ахәмаррақәа зегьы мҩаԥгахоит астадионқәа "Динамои" "Учхози"рҟны", — иҳәеит иара.

Витали Федоренко иҳәеит асеиԥштәи ахәмаррақәа аспортсменцәа ҿарацәа рпрофессионалтә еизҳара ацхыраара арҭоит ҳәа.

Ааԥынтәи ахәмаррақәа ирылахәуп 2008 шықәса рзы ииз рҟынтәи еизгоу акомандақәа фба, 2007 шықәса рзы ииз рҟынтәи еизго акомандақәа ааба, 2006 шықәса рзы ииз рҟынтәи акомандақәа жәаҩа, 2004 шықәса рзы ииз рҟынтәи акомандақәа ааба.

Ажәабжьқәа зегьы
0