Афотожурналистцәа рфотоҭоурыхқәа дырбан Аҟәа

© Sputnik Сария Кварацхелия Фотовыставка семи журналистов-юбиляров открылась в ЦВЗ Абхазии
Фотовыставка семи журналистов-юбиляров открылась в ЦВЗ Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымш ицо афотоцәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны быжьҩык аԥсуа журналистцәа имҩаԥыргараны иҟоуп апрактикатә журналистика аурокқәа.

АҞӘА, мшаԥы 17 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Зиубилеи азгәарҭоз быжьҩык афотожурналистцәа рфотоцәыргақәҵа аартын Аҟәа, мшаԥы 16 рзы.

Афотоцәыргақәҵа аофициалтә аартраан Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг аиубилиарцәа дрыдныҳәалеит, рнапаҿы идиркит аидгыла алахәыла игәраргага ҿыцқәа.

"2018 шықәсазы 60-шықәса рхыҵра азгәарҭоит Инвер Ажьиба, Сергеи Чхинџьериа, Оҭар Лакрба, Владимир Попов, Вахтанг Абхазоу, Екатерина Бебиаԥҳа, Виачеслав Сақаниа. Ҳара иаҳҭаххеит дара рнапаҿы идҳаркыр аидгыла алахәыла игәраргага ҿыцқәа", — иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Открытие выставки 1+1 - Sputnik Аҧсны
Ҳаамҭазтәи аҟазара ацәыргақәҵа "1+1" аатит Аҟәа

Иара иажәақәа рыла афотоцәыргақәҵа аидеиа зтәу афотокорреспондент Владимир Попов иоуп.

Ажурналистцәа дрыдныҳәаларц арахь дымҩахыҵит Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

"Ҳиубилиарцәа иуадаҩӡаз аибашьра аамҭақәа раан зпрофессионалтә уалԥшьа анагӡара иацәхьамҵуаз роуп. Дара иахьатәи Аԥсны аҭоурых шаҳаҭцәаны иазыҟоуп", — иҳәеит иара.

Ҩымш ицо афотоцәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны быжьҩык аԥсуа журналистцәа имҩаԥыргараны иҟоуп апрактикатә журналистика аурокқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0