Леуард Мхонџьиа: аԥхьарца - жәлар ԥхьаҟа рцагоуп

© Фото : Сырма АшәбаЛеуард Мхонџьиа
Леуард Мхонџьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Занааҭла исахьаҭыхҩу, аԥхьарца аҭоурых иазҿлымҳау, уи знапала иҟазҵо Леуард Мхонџьиа, жәлар рмузыкатә инструмент ахь имоу абзиабара атәы Сырма Ашәԥха лматериал аҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа рҿы ахатә ҭыԥ ҷыда ааннакылоит аԥхьарца. Аԥхьарца ианҵаны ирҳәон агәаҟ ашәа, ахаҵара ашәа. Аԥхьарца аӡбахә анаҳҳәа, даҳгәалаҳмыршәарц залшом абаҩхатәра ду злаз аԥхьарцарҳәаҩы Жан Ачба. Ажәытә ҩнаҭацыԥхьаӡа аԥхьарца кнаҳан, иадырҳәон хәыҷи-дуи ааилатәаны. Ашәаҳәара иазҟазам, аха баҩхатәрала аԥхьарца ҟазҵо, Аҷандара ақыҭа инхо Леуард Мхонџьиа, ҳаиҿцәажәараҿы иазгәеиҭеит:

"Саргьы қәрала схәыҷым уажәшьҭа. Саныхәыҷыз аԥхьарца зкуаз ыҟан, избеит. Аԥхьарца ашәа анҵаны иадырҳәон. Аешьараҿы дҳаман Ҷаԥ ҳәа Мхонџьиак. Убри ибзиаӡаны дихаанын Жан Ачба", — абас аԥхьарца аҭоурых аацәыригеит Леуард.

Жан Ачба дшыхәыҷыз длашәхеит ҳәа иӡбахә зегьы еицаҳдыруа ауп. Даара дуаҩ хатәран, ддуун, дҟәышын. Ила иабомызт, аха гәыла адунеи зегьы дахьӡон. Аизарақәа рахь дыргон, аныҳәарақәа рахь даарыԥхьон.

Роза Чамагуа. - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа: "Гәында" иабзоураны аԥсуа ашәақәа ҳҵеит

"Жан Ачба ааԥхьарақәа ахьирҭоз Ҷаԥ ҳәа зыӡбахә сҳәо усҟан джыцәӡа дыҟан, иара дицын. Ила иахьамбоз азы, инапы данкны дныҟәызгоз иара иакәын. Жан Ачба инаигӡоз ашәақәа зегьы, дшыхәыҷыз иҵан, аԥхьарцаҿы иаирҳәон. Уи сихаануп сара", — ҳәа азгәеиҭеит аԥхьарцаҟаҵаҩы.

Леуард Мхонџьиа игәы иаланы иҳәоит, усҟантәи аамҭазы апхьарцарҳәаҩцәа рҟазара рацәак хшыҩзышьҭра ахьаимҭаз, ражәақәа ирхылҵуаз рашәақәа ахьаниимҵаз. Урҭ ражәашьҭыбжьы иахьагьы ихы-игәаҿы иаанхеит. Ибзианы игәалашәоит дара рқыҭа еиуаз абыргцәа Ҷыф Уарчыҟә, Мақьҭаҭ Мхонџьиа аԥхьарца ианҵаны ирҳәоз ашәақәа.

Ашәаҳәара абаҩхатәра шимамгьы, анапҟазара аганахь ала абаҩхатәра ссир ааирԥшуеит Леуард Мхонџьиа.

"Сара асахьаҭыхра бзиа избон схәыҷы аахыс. Уи аганахь ала аҵара зны Аҟәа сҭан, нас Қарҭ. Аԥхьарцарҳәаҩцәа Хьымца Хынҭәбеи, Сергеи Ҷкотуеи, аибашьцәа ахьтәаз ицаны аԥхьарца рзадырҳәон. Иара убасҟан ауп саргьы агәаԥхара ансоу", — иҳәеит Леуард Мхонџьиа.

Аԥхьарца злырхуа амаҭәахәқәа еиуеиԥшым. Леуард иакәзар, еиҳарак ашәшь иалхны иҟаиҵоит.

"Ашәшь иалхны иҟасҵақәаз ыҟоуп. Уажәы, Аԥсҭа умцакәа иуоуӡом ижәпоу ашәшь. Иара убас, аӡахәа иалырхуеит. Ажәытә аамҭа даҽакала иҟан, адгьыл кәаӡан, аӡахәаҵла бзиақәа еизҳауан", —  аҭоурых дагәыланагалан дцәажәон Мхонџьиа.

Мхонџьиа дазааҭгылоит аԥхьарца арахәыцқәа злырхуа атәы.

"Аԥхьарца зынӡа ҩрахәыцк амазар ауп. Урҭ аҽы аҵыхәа иалырхуеит, зҵыхәа бзиоу шьыҵәрак аалырхуеит, идырԥшшоит. Аҽҵыхәа убас иҟазароуп, аԥхьарца иахьӡо, нас алымҳақәа ирыбжьакны идырххоит", — иазгәеиҭеит иара.

Аԥсуа жәлар ринструментқәа - Sputnik Аҧсны
Аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца: аԥсуа жәлар ринструментқәа рыбжьы агашьа

Аԥхьарца азырҳәо, ишьҭыбжь иақәшәо игәникылоит, ирхиоит, нас ашәа ацеиҳәоит.

"Аԥхьарца ианҵаны ирҳәоит ахаҵара ашәа. Иаҳҳәозар, Ԥшькьаҿ иԥа иоума, Инаԥҳа Кьагәа иоума, ажәлар дара дырдыруеит иалырхуа, ихьӡыртәны ашәа ззырҳәо. Агәаҟра иақәшәаз, мамзаргьы ачымазаҩ гәаҟ дахьыҟоу, ахәра змоу уҳәа рзы игәыжьжьаган аԥхьарца ашәа", —  иажәабжь иациҵеит Мхонџьиа.

Леуард Мхонџьиа иазгәеиҭоит, аԥсуаа рмилаҭтә культура аҩаӡара еснагь ишышьҭыхлатәу, ажәытә аамҭа иарҿиаз адоуҳатә беиарақәа шеихаҳалатәу.

"Аԥсуаа аԥсынҵры рызҭоз абызшәа акәын. Иахьҿаҳәаз рдыруан, иахьԥыртлазгьы рдыруан, аҭаашьагьы рдыруан. Нцәашьарада иузыҭааӡом. Анцәа дхаҵаны иныҳәоз рымч ӷәӷәан. Урҭ аԥҟаррақәа ирықәныҟәалатәуп", — ҳәа азгәеиҭоит Мхонџьиа.

Ажәлар ԥхьаҟа рцага мап ацәаҳамкыроуп. Аԥхьарца иану ашәа заҳаз, ԥхьаҟа дагоит. Ар анжәылоз, хацәнамырха ԥхьаҟа ианцозгьы, аԥхьарцарҳәаҩы дрыцзар акәын, аҭарчеи шырхагылаз еиԥш. Иара ахаҭа ахьӡ аҿахәы аҳәоит- аԥхьарца. Уи ақә аҵас ҳәа иашьҭоуп. Ақә иамҳәаз, аҵас ҵасӡам. Ақә ала ираҳаз акәын иҵасыз. Ара аԥхьарца раԥхьа игылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0