Аԥсны Краснодартәи аҽырыҩратә сезон иалахәуп

© Фото : kuban24Скачки
Скачки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Краснодартәи аҽырыҩратә сезон аартраан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазку аԥхьахә зго ҳәа аисара мҩаԥган.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Краснодартәи аҽырыҩратә сезон аартраан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазку аԥхьахә зго ҳәа аисара мҩаԥган, абри атәы иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Адгәыр Гәынба.

"Иахьа Краснодартәи аиппадром аҿы иаатит аҽырыҩратә сезон. Иара убасгьы иазгәарҭоит аиппадром 150-шықәса ахыҵра аныҳәа. Апрограмма акыр иҭбаауп. Аҽырыҩрақәа ирылахәуп Аԥснытәқәагьы. Беслан Абхазаа иҽы 1800 метра аҩраҿы аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит", — иҳәеит иара.

1600 метра аҩра азкхоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз ргәалашәара иҳәеит Гәынба.

"Иара шьаҭаиркит ҽы аҽырыҩра иалахәу Ахра Ашәба. Краснодартәи аиппадром иахашәыршәыруеит лахәылак аҳасаб ала Аԥсны абираҟ", — иҳәоит Гәынба.

Краснодартәи атәылаҿацә аҽырыҩратә сезон хыркәшахоит 2018 шықәса, жьҭаарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0