Ашколхәыҷқәа рыбжьара афольклортә еицлабра мҩаԥган

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.
Первый республиканский фольклорный конкурс Нартаа среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи афольклортә еицлабра амҩаԥгара еиҿыркааит Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза еидгыла "Алашареи" Аԥсны аҵарадырреи аҭҵаарадырреи рминистрреи.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашколхәыҷқәа рыбжьара актәи ареспубликатә еицлабра "Нарҭаа" мҩаԥысит Аҟәатәи абжьаратә школ №4 аҿы.

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.
Первый республиканский фольклорный конкурс Нартаа среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.  - Sputnik Аҧсны
Первый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.

"Ари ахырхарҭа залаҳхыз – афольклор ҳҵасқәеи ҳқьабызқәеи ҭаҵәахны измоу чақьмача дуны иахьыҳаԥхьаӡо ауп. Ауснагӡатә аҿар рдырра аизырҳара адагьы иааӡоит", — иҳәеит Аԥсны аҵарадырреи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Аминистр ишиҳәаз ала ареспубликатә еицлабра иалахәхарц азы ашколхәыҷқәа азыҟаҵаратә турқәа ҩба ирхысит.

"Аԥхьа ашколтә турқәа еиҿкаан, нас араионтәиқәеи ақалақьтәиқәеи еиҿкаан. Ахәыҷқәа агәаҳәара ду рыманы рхы рыладырхәуан. Иаздырхион аномерқәа. Уи азы иҭырҵаауан афольклор, ирыԥхьон ашәҟәқәа. Сгәы иаанагоит ажиури аӡәы иалкаара рцәыуадаҩхашт ҳәа, избанзар ахәыҷқәа зегьы ишьахәны рхы аадырԥшит", — иҳәеит аминистр.

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.
Первый республиканский фольклорный конкурс Нартаа среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.  - Sputnik Аҧсны
Первый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.

Иара иажәақәа рыла ари раԥхьатәи шьаҿоуп, ԥхьаҟагьы ауснагӡатә иацҵахоит.

Афольклортә еицлабра иалахәын: Аҟәатәи, Тҟәарчалтәи, Очамчыратәи, Гәылрыԥшьтәи, Гәдоуҭатәи, Гагратәи араионқәа, ақалақьқәа. Аицлабра шьақәгылан 4-хәҭак рыла. Алахәылацәа нарҭтәи аепос иазкыз азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵон, асценкақәа ықәдыргылон.

"Аицлабра ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшын. Ҳҽазыҟаҳҵон. Аиааира ҳгәаҳәоит. Уи адагьы зегьы идҳарбар ҳҭахуп Нарҭаа репос шаадыруа", — лҳәеит Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы Марица Каҷабаа.

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.
Первый республиканский фольклорный конкурс Нартаа среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.  - Sputnik Аҧсны
Первый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.

Асҭанда Курт-оглы лакәзар иҳалҳәеит Нарҭаа репос аҟны иреиӷьалшоьо фырхаҵаны дшыҟоу Нарҭ Сасрыҟәа.

"Аицлабра аҽалархәразы Нарҭаа ирызкны алитература ҳаԥхьеит, иҭаҳҵааит. Даара аинтерес аҵоуп. Акыр исгәаԥхеит" — лҳәеит лара.

Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза еидгыла "Алашара" ахаҭарнак Алиас Аиба иазгәеиҭеит афольклортә еицлабра ахықәкы хада аҿар ахатәы бызшәеи афольклори ритерес дыркра шакәу.

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.
Первый республиканский фольклорный конкурс Нартаа среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.  - Sputnik Аҧсны
Первый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.

Алиас Аиба иҳәеит аицлабраҿ аиааира зго Шәача ақалақь Аолимпиатә парки аттракционқәа Рпарки рахь рныҟәара шеиҿкаахо.

Раԥхьатәи афольклортә еицлабра амҩаԥгара еиҿыркааит жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза еидгыла "Алашареи" Аԥсны аҵарадырреи аҭҵаарадырреи рминистрреи.

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.
Первый республиканский фольклорный конкурс Нартаа среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.  - Sputnik Аҧсны
Первый республиканский фольклорный конкурс "Нартаа" среди школьников состоялся в Сухумской средней школе №4 в понедельник 23 апреля.
Ажәабжьқәа зегьы
0