Арӡынба: аԥсуа визақәа акыр ахы иақәиҭуп

© Sputnik / Томас ТхайцукVIII Абхазо-российский деловой форум
VIII Абхазо-российский деловой форум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
IV Иалтатәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәыз Адгәыр Арӡынба Sputnik иазеиҭеиҳәеит авизақәа роушьеи урыстәылатәи атуристцәа ареспубликаҿ рыԥсшьара аиҿкаашьеи ртәы.

АҞӘА, мшаԥы 26– Sputnik. Егьырҭ атәылақәа ирыдкыланы уахәаԥшуазар Аԥсны авизатә зҵаара аганахь ала акыр ахы иақәиҭуп, иҳәеит IV Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәыз Адгәыр Арӡынба.

Вид на Крым - Sputnik Аҧсны
Арӡынба: Ҟрыми Аԥсни русеицура еиҵыххоит

"Егьырҭ атәылақәа ирыдкыланы уахәаԥшуазар Аԥсны авизатә зҵаара аганахь ала акыр илибералтәуп. Аԥсны авиза аиура акыр ирмариоуп. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит ахь азыҳәа ҟауҵоит, иаарласынгьы аҭак уоуеит", — иҳәеит иара.

Аԥсны аҳаиртә баӷәаза аус ахьамуа иахҟьаны атуристцәа рхы иадырхәоит Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза. Ареспубликахь аара алшоит автомабилтә ма аихамҩатә транспорт ала ҳәа иҳәеит Арӡынба.

Уи адагьы атуристцәа рзы акыр иманшәалоуп урыстәылатәи аԥара ахархәара. Абызшәа адырра акәзар, атуристцәа ара рыҟазаара еиҳагьы иарманшәалоит.

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0