Жәлар реизара адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәеит аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Аиааира"

© Sputnik / Томас Тхайцук30 сентября – День Победы и Независимости
30 сентября – День Победы и Независимости - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара мҩаԥысит лаҵара 3 рзы.

АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара мҩаԥысит лаҵара 3 рзы. Аилатәараҿы адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәеит аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Аиааира".

"Ҳаилак ахь иаашьҭын "Аԥсны ареспублика аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьӡқәеи рзы" азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы азакәан апроект. Иазыԥхьагәаҭоуп амедал ҿыц "Аиааира" ашьаҭаркра. Амедал ранашьахараны иазыԥхьагәаҭан аибашьра алахәылацәа реиԥш атыл аусуҩцәагьы. Аха адепутатцәа уи мап ацәыркит. Дара иазырыԥхьаӡеит амедал аибашьратә шьананы иҟазарц ахәҭоуп ҳәа. Аха, нас ишьақәыргылан амедал иубилеитәны аҟаҵара, убри азы аиубилеитә рыцхәқәа раан рыҭара ахәҭаны иазырыԥхьаӡеит", — иҳәеит адепутат Илиа Гәниа.

Амедал иубилеитәхарц, аиубилеитә рыцхәқәа зегьы раан ирыҭахаларц адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит.

2018 шықәса, цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааира 25 шықәса ахыҵра.

Ажәабжьқәа зегьы
0