Алхас Ҭҳагәышь: Аԥсны иҟоу ахамыхәацәа ирзымхо рацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция ко Дню борьбы за права инвалидов
Пресс-конференция ко Дню борьбы за права инвалидов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинвалидцәа рзинқәа рзы ақәԥара Жәларбжьаратәи амш аламҭалаз Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥган апресс-конференциа. Иара азкын зылшарақәа ԥку ауаа Аԥсны рҭагылазаашьа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik.

"Асовет еидгыла уаанӡатәи атәылақәа ирҿырԥшны уҳахәаԥшуазар иуҳәар алшоит урҭ раасҭа акыр ҳашьҭаханы ҳаҟоуп зылшара ԥку ауаа ацхыраареи адгылареи рыҭара аус аганахь ала" ҳәа иҳәеит ассоциациа "Инва-содействие" ахантәаҩы Алхас Ҭҳагәышь.

Ветераны ОВНА из ПМР - Sputnik Аҧсны
Приднестровиатәи аибашьра аинвалидцәа Аԥсны ргәабзиара шьақәдыргылоит

Иара убри аан иазгәеиҭеит Аԥсны ишыҟам ауаа ҷыдала иалкааны реилыхра.

"Сгәы иаанагоит иахьазы иҟоу апроблемақәа аӡбра роуп ҳәа. Уажәы шьаҿа-шьаҿала урҭ раԥыхра амҩа ҳақәуп, аха аҳәынҭқарратә ҟазшьа аҭаны макьаназы иаабом", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Зылшара ԥку ауаа рзы асоциалтә процессқәа рылахәра зыда ԥсыхәа ыҟам акакәны иҟоуп.

"Уи иаанаго зегьы иреиӷьны аҭагылазаашьа рыҭара акәӡам, зегь шыҟоу еиԥш рхы рбартә рыҟаҵара ауп: ашколқәа рахь анеира, атеатр аҭаара, аҵара ашьҭахь аусурҭаҭыԥ аиура", — иҳәеит Ҭҳагәышь.

"Инва-содействия" ахада Алхас Ҭҳагәышь иазиԥхьаӡоит аиҳабыреи, абизнеси, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи русеицура шакәу аинвалидцәа рыԥсҭазаара армариара зылшоны иҟоу. Аинвалидцәа рзы атранспорт ахархәара залшом, апандусқәа ракәзаргьы ишахәҭоу иҟам ҳәа иҳәоит иара.

"Иҳазҵаар ираҳҳәоит анорматив иақәшәо апандусқәа шеиҿкаатәу. Иҟоу аԥара рыхҭынҵоуп, арахь рхархәара залшом", — иҳәеит иара.

Ҭҳагәышь иажәақәа рыла акыр ишәарҭоуп Аҳәынҭқарратә музеи аҿы иҟоу апандус. Уи ала ахаларагьы албаарагьы уадаҩуп. Алхас Ҭҳагәышь иазгәеиҭеит зылшара ԥку рзы аус ду шыҟанаҵо Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр. Иҳәеит иаарласны уи аҩыза ацентр Гәдоуҭагьы иаадыртраны ишыҟоу.

Аҟәатәи ашкол №3 аҵаҩы Наала Чегиаԥҳа илҳәоит лара дызҭоу ашкол аҟны ахымҩаԥгара шылцәыуадаҩым, уаҟа иҟоу апандус акыр ишыманшәало. Наала Москва ареабилитациатә курсқәа дырхысуеит. Бзиа илбоит ашәаҳәара, ашколтә театрқәа рҟны аспектакльқәа ахрылархәра.

Быжьшықәса зхыҵуа Гриша иан Изабелла Пупариани далацәажәеит аҵара аиура ауадаҩрақәа шацу. Иара макьаназы ашкол ахь дныҟәом.

"Ашкол ахь дцар ҳҭахуп, аха ауаа рыҿиара аиԥшымзаарақәа амоуп: амахашьахатә, аԥсихологиатә", — лҳәеит лара.

Аинвалидцәа рзинқәа рзы ақәԥара Жәларбжьаратәи амш есышықәса иазгәарҭоит 1992 шықәса лаҵара 5 раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0