Аԥсуа драматә театр аҿы идырбахоит "Ацынҵәарах" иалху амоноспектакль

© SputnikПресс-конференция о театральном представлении по произведению Баграта Шинкуба
Пресс-конференция о театральном представлении по произведению Баграта Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 12 1917 шықәса рзы диит Аԥсны Жәлар рпоет, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьаз, хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, апоемақәа, ароманқәа равтор Баграт Шьынқәба.

АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Баграт Шьынқәба иира амш аҽны Аԥсуа драматә театр аҟны идырбахоит амоноспектакль, ҳәа Sputnik аҟны имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ илҳәеит акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Баграт Шьынқәба ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа бзианы ижәдыруама?

"Ҳара иаҳҭахуп уахь инаҳаԥхьарц Баграт Шьынқәба ирҿиамҭақәа бзиа избо зегьы. Ишәыдаагало акомпозициа еицеиҿыркааит асахьаҭыхыҩ Шеомир Гучепшокои, артист Роберт Сарали. Сара сыхнахит асеиԥш ақәҿиара ду змоу ауаа, Баграт иԥсадгьыл ахь аара ахьырҭаххаз", — лҳәеит лара.

Акомпозициа-синтез аԥҵара аидеиа зтәу Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз артист Роберт Саральп иоуп.

"Мызқәак раԥхьа ҳаибадырит Ельвира Анатоли-иԥҳаи ҳареи. Ҳапроект аӡбахә лзеиҭаҳҳәеит. Ларгьы Аԥсныҟа ҳаалыԥхьеит. Даара ҳақәгәыӷуеит ахәаԥшыҩцәа идҳарбараны иҟоу ргәаҵанӡа инеиуа иҟалап ҳәа. "Ацынҵәарах" сара сзы изеиԥш ҭоурыхуп", — ҳәа иҳәоит артист Роберт Саральп.

"Ацынҵәарах " иалху амоноспектакль лаҵара 12 рзы иддырбараны иҟоуп Аԥсуа драматә театр аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0