Аԥсуа ар рҟны аҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит

© Sputnik Бадрак Авидзба Присяга призывников в армию
Присяга призывников в армию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааԥынтәи анаԥхьарала аррамаҵзурахь инеиз рҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит Атәылахьчара аминистрраҿы. Аҭоуба идикылон Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Владимир Ануа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Атәылахьчара аминистрра ашҭаҿы аныҳәатә ҭагылазаашьа ыҟан. 44-ҩык аррахь инарыԥхьаз иахәҭаны иҟаз азыҟаҵарақәа арҵаратә центр аҿы иахысит. Аҭоубашьҭаҵара амш аҽны аоркестр амилаҭтә гимн шанарҳәаз еиԥш дара аӡәаӡәала инеины аҭоуба атекст иаԥхьон.

Призывники Абхазии почтили память погибших в грузино-абхазской войне - Sputnik Аҧсны
Арра инарыԥхьаз Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Аррамаҵзурауаа ҿарацәа рнаҩсшәа илеиуаз ақәа рҽацәыхьчо игылан урҭ рҭаацәа, ргәакьацәа. Аб Миро Ҭаниа иазгәеиҭеит арра ацара иԥа ихала ишиӡбыз.

"Ҳара ианҳаамҭаз ҳаҩны ҳацәыхаран. Сара схаҭа ҩышықәса Венгриа исхызгеит. Иахьа иҳахшаз рыҩны иҟоуп, рыԥсадгьыл амаҵ азыруеит", — иҳәеит иара.

 Алан Џьопуа иакәзаргьы арра ацара дацәхьамҵит. Уи ахаҵа иуалԥшьоуп ҳәа иазиԥхьаӡеит.

 "Аӡәы умцар ҟалом ҳәагьы имҳәеит. Сара схаҭа уи хымԥаданы избоит. Ахаҵа иԥсадгьыл ихьчароуп. Ҳабацәеи ҳабдуцәеи аҭынч ԥсҭазааразы ирылшоз ҟарҵеит. Ҳаргьы уи аус иацаҳҵароуп", — иҳәеит иара.

 Аҭоуба атекст ианаԥхьа ашьҭахь Владимир Ануа дара рахь ихы нарханы иҳәеит:

"Иахьа инаркны шәара Аԥсадгьыл шәыхьчоит. Аԥсны иқәынхо ажәлар шәара ишәықәгәыӷуеит. Шәара аҭоурых жәдыруеит, аибашьра аӡбахә шәаҳахьеит. Иахьатәи аамҭазы шәықәлацәеи шәареи ишәылшо жәуроуп ахақәиҭра наӡаӡахарц. Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара макьанагьы аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩым. Ашәарҭара шыҟац иҟоуп", — ҳәа.

Аррахь инарыԥхьаз иахәҭаны иҟаз азыҟаҵарақәа арҵаратә центр аҿы иахысит.

Аҭоуба шьҭазҵаз аррамаҵзурауаа алахәхоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира Амшныҳәа иазку апарад.

Ареспублика атәылауаа ааԥынтәи рырранаԥхьара мҩаԥысуеит рашәарамза 30 2018 рҟынӡа. Аррахь инарыԥхьоит 18 шықәса инаркны 27 шықәса рҟынӡа зхыҵуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0