Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаВозложение цветов к мемориалу Владислава Ардзинба
Возложение цветов к мемориалу Владислава Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диит 1945 шықәса лаҵара 14 рзы.

АҞӘА, лаҵара 14– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лаҵарамза 14 рзы, Владислав Арӡынба иира амш аҽны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба раԥхьа днаргыланы атәыла анапхгареи аиҳабыреи, ауаажәларра рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын.

© Sputnik Бадрак АвидзбаВозложение цветов к мемориалу Владислава Ардзинба
Возложение цветов к мемориалу Владислава Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Возложение цветов к мемориалу Владислава Ардзинба

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афронт ацәаҳәаҟны иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада имемориалтә комплекс ахьгыло иқыҭа гәакьа Ешыра ашҟа шьыжьнаҵы ауаа рацәа неит.

Арахь иааиуан ареспублика ахы-аҵыхәа рҟынтәи ауааԥсыра.

"Ҳара есышықәса Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада имемориалтә комплекс ахьгыло ашҟа ҳааиуеит. Ҳара ҳаамҭа иалиааз иреиӷьу ауаҩы анышә дахьамадо ҳашгылогьы, ари лахьеиқәҵароуп ҳәа аҳәара иашам, избанзар абри амш аҽны диит Аԥсны аиқәырхаҩ, аиааиреи ахьыԥшымреи зыжәлари зыԥсадгьыли ирзаазгаз", — лҳәеит ацеремониа алахәыла Хьыбла Гәымба.

Владислав Арӡынба – Аԥсны раԥхьатәи Ахада, аҭоурыхдырыҩ, афилолог, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс далхын 1990 шықәса рзы. 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас далырхуеит. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы аҽазныкгьы далырхуеит атәыла Ахадас.

Иԥсҭазаара далҵуеит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.

© Sputnik Бадрак АвидзбаВозложение цветов к мемориалу Владислава Ардзинба
Возложение цветов к мемориалу Владислава Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Возложение цветов к мемориалу Владислава Ардзинба
Ажәабжьқәа зегьы
0