Амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа аусура иҭымҵит

© Sputnik / Илона ХварцкияЗабастовка водителей маршруток на центральном рынке в Сухуме
Забастовка водителей маршруток на центральном рынке в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа аусура иҭымҵит. Апассаџьырцәа атроллеибусқәеи, автобусқәеи ма атаксиқәеи рыла мацароуп аныҟәара шрылшо.

АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахаша, лаҵара 16 рзы Аҟәа ақалақь амаршрутчикцәа аусура иҭымҵит.

Аҳҭнықалақь амашьына ангыларҭақәа рҿы ауаа рацәа еизоит. Шьыжьнаҵы ауаа аусура, аҵарахь рхы анхаз аусураҳәа иҭыҵыз атранспорт рымҩангара азеиҿкаауамызт.

"Сара есыҽны ауаажәларратә транспорт схы иасырхәоит. Иацы избеит амаршруткақәа рыхәԥса 20 мааҭ ишхаргалаз. Урҭ еилукаар ауеит, абылтәы ахәԥсагьы халоит", — лҳәеит апассаџьыр Елена.

Анна Агәмааԥҳа атранспорт дазыԥшны 40 минуҭ агылара лықәшәеит.

"Сара ААУ аҟны аҵара сҵоит. Есыҽны амаршруттә такси схы иасырхәоит", — лҳәеит лара.

Анна Агәмааԥҳа дақәшаҳаҭым амаршрутка ахәԥса ашьҭыхра. Мадина Тәанԥҳа дақәгәыӷуеит аҭагылазаашьа иаарласны иҭышәынтәалап ҳәа.

"Сгылоижьҭеи акрааҵуеит. Атранспорт ҭәны имҩасуеит. Амаршрутчикцәа ракәзар ртариф еиҵартәып ҳәа сыҟам", — лҳәоит лара.

Убри аамҭазы амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа аџьармыкьа хада аҿаԥхьа еизеит.

Аныҟәцаҩ Роберт Ашәба еизаз рыдҵақәа дрылацәажәеит.

Габлия Робестан - Sputnik Аҧсны
Робесҭан Габлиа атранспорт азы Аԥсны аҳәынҭусбарҭа дахагылеит

"Хышықәса раԥхьа атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ахагаларазы арзаҳал ааҩит. Аха ҳара ҳҭахрақәа уаҩ дрызхьамԥшит. Усҟан абылтәы 23 мааҭ иаԥсазар, уажәы 36 мааҭ рҟынӡа ихалахьеит", — иҳәеит иара.

Уи адагьы рыхәқәа шьҭыҵуеит амашьынахәҭақәа иҳәеит иара.

Лаҵара 15 рзы Аџьармыкьа хадаҟынтәи Араион ҿыц ахь иныҟәо амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа хаԥышәала атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ихаргалеит.

Мшаԥы 24 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизараҿы абри азҵаара иалацәажәон. Усҟан ишьақәыргылан апроблема ҭызҵааша акомиссиа ҷыда аԥҵазарц.

Акомиссиа алахәылацәеи амашьына ныҟәцаҩцәеи реиԥыларагьы лҵшәа амоуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0