Игор Адлеиба Аладатәи Афедералтә округ абокс азы аиндаҭлараҿ аиааира игеит

Анапаҵаҩра
Аладатәи Афедералтә округ аҟны 19-22 шықәса зхыҵуа аҿар рыбжьара абокс азы аиндаҭлара мҩаԥысуеит Волгоград, лаҵара 15-20 рзы.

АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Игор Адлеиба, аԥснытәи абоксиор қәыԥш, Аладатәи Афедералтә округ аҟны 19-22 шықәса зхыҵуа аҿар рыбжьара абокс азы аиндаҭлараҿ аисарақәа хԥа рҟынтәи актәи аҿы аиааира игеит.

Боксерские перчатки на стене - Sputnik Аҧсны
Игор Адлеиба Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат далахәоит

Адлеиба Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аисарақәа рыхԥа рҿы аиааира агара ишалнаршо 2018 шықәса ҭагалан, Урыстәыла аспартакиадаҿы Аладатәи афедералтә округ акоманда алалара.

Аԥсны аспорт азы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Артур Адлеиба иазгәеиҭеит аспортсмен Анапа ҩымчыбжьтәи аҽазыҟаҵара дшахысыз. Иара аиааира ихы ақәкны дыҟоуп иҳәеит Артур Адлеиба.

"Апрофессионалтә боксиор Игор Адлеиба иӡбеит аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ аиура. Иара ихатәы аԥшьгарала Краснодартәи атәылаҿацә атурнир иҽалаирхәит. Аиааирагьы игеит. Уажәы далахәуп Аладатәи Афедералтә округ аҟны аиндаҭлара. Ибзиаӡаны ихы ааирԥшхьеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Артур Адлеиба.

Актәи аисараҿы Игор диандаҭлон Волгоградтәи аспортсмен Роман Казаков, аиааирагьы игеит.

Игор Адлеиба — изныкымкәа Аԥсны дачемпионхахьеит, Урыстәылатәи Афедерациаҟны абокс азы жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны аиааирақәа игахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0