Аҟәатәи амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа рықәгыларақәа аҿҳәара инахеит

© Sputnik / Илона ХварцкияАҟәатәи амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа рықәгыларақәа аҿҳәара инахеит
Аҟәатәи амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа рықәгыларақәа аҿҳәара инахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа рықәгыларақәа хацдыркит лаҵара 16 рзы. Ақалақьуаа атроллеибусқәеи, автобусқәеи, атаксиқәеи рыла еиҭанеиааиуеит.

АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа рықәгыларақәа аҿҳәара инахеит лаҵара 18 рҟынӡа ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит акциа алахәыла Виачеслав Делба.

Забастовка водителей маршруток на центральном рынке в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа аусура иҭымҵит

"Иацы аекономика аминистри атранспорт азы аусбарҭа ахаҭарнакцәеи ҳҭан. Аминистр иҳәеит лаҵара 18 рҟынӡа ҳааԥшырц, аилацәажәара ҷыда мҩаԥгахараны иҟоуп. Ҳаргьы уи ҳаладырхәуеит", — иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла атранспорттә тариф харгалоит абылтәы ахә ахьышьҭыҵыз иахырҟьаны.

"Хышықәса раԥхьа атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ахагаларазы арзаҳал ааҩит. Аха ҳара ҳҭахрақәа уаҩ дрызхьамԥшит. Усҟан абылтәы 23 мааҭ иаԥсазар, уажәы 36 мааҭ рҟынӡа ихалахьеит", — иҳәеит иара.

Роберт Ашәба иакәзар иазгәеиҭеит амаршрутчикцәа рхарџьқәа ирҿырԥшны уаанӡеиԥш аусура рылшом.

Лаҵара 15 рзы аџьармыкьа хадаҟынтәи Араион ҿыц ахь иныҟәо амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа хаԥышәала атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ихаргалеит.

Мшаԥы 24 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизараҿы абри азҵаара иалацәажәон. Усҟан ишьақәыргылан апроблема ҭызҵааша акомиссиа ҷыда аԥҵазарц.

Акомиссиа алахәылацәеи амашьына ныҟәцаҩцәеи реиԥыларагьы лҵшәа амоуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0