Аҳәынҭстандарт аекономика аминистрра ақәшаҳаҭымкәа агәаҭарақәа азымҩаԥгом

© flickr.comПапки.
Папки. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭстандарт аекономика аминистрра ақәшаҳаҭымкәа агәаҭарақәа азымҩаԥгом. Аусбарҭақәа еицеиҿыркаароуп аҳәынҭқарратә хылаԥшра амҩаԥгаразы ахархәара зырҭо адокументқәа иаку рформа.

АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik. Астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аекономика аминистрра ақәшаҳаҭымкәа агәаҭарақәа азымҩаԥгом ҳәа аанацҳауеит аекономика аминистрра аофициалтә саит. 

Абри аҩыза адҵа инапы аҵеиҩит Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Кабинет министров. - Sputnik Аҧсны
Аекономика аминистрра анапаҵаҟа аусбарҭақәа жәба ҟалоит

"Астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы анапы ианҵоуп аекономика аминистррахь аплантә гәаҭарақәа рграфик анагареи, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны аплан нҭыҵтәи агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы аинформациа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Адҵа азин ҟанаҵом аекономика аминистрра ақәшаҳаҭымкәа аплантә гәаҭарақәа рымҩаԥгара.

"Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп аҳәынҭқарратә наплакқәа ркоординациа напхгара аҭара. Убри аан планлатәи агәаҭарақәа рзы аинформациа анынарышьҭ арыцхә инаркны хәымш рыҩныҵҟа азҵаара ӡбахароуп, иплантәым агәаҭарақәа рганахь ала аӡбра мҩаԥгатәуп ҩымш рыҩныҵҟа", — ҳәа азгәарҭоит аекономика аминистрраҿы.

Аҳәынҭстандарт аекономика аминистрра ақәшаҳаҭымкәа агәаҭарақәа азымҩаԥгом. Аусбарҭақәа еицеиҿыркаароуп аҳәынҭқарратә хылаԥшра амҩаԥгаразы ахархәара зырҭо адокументқәа иаку рформа.

Ажәабжьқәа зегьы
0