Рауль Ҳаџьымба Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аныҳәахь иааз асасцәа идикылеит

© Фото : http://presidentofabkhazia.orgРауль Ҳаџьымба Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аныҳәахь иааз асасцәа идикылеит
Рауль Ҳаџьымба Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аныҳәахь иааз асасцәа идикылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР 25 –шықәса ахыҵра азгәаҭарахь иааз Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Алада Уаҧстәыла, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика, Ареспублика Арцах рхаҭарнакцәа идикылеит.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР аҧҵара 25 —шықәсахыҵра азгәаҭара рҽахьаладырхәыз.

Торжественное заседание к 25-летию МИД Абхазии состоялось Кабинете Министров 17 мая - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25 шықәса ахыҵит

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аиҩызаратә тәылақәеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи ирымоу аҵакы.

"Ҳара аҭынчреи ҳажәларқәа реиҩызареи ирызку ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи ирыцаҳҵоит", — иҳәеит Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иҳәеит ҳазҭагылоу аамҭазы еиҳа аҵакы шдуу аҳәынҭқарра асоциалтәи аекономикатәи ҿиара.

Аиҧылара иалахәыз аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы, иагьидырныҳәалеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҧҵара 25 –шықәсахыҵра.

"Урыстәыла ААР-еи Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи еизааигәаӡаны аус еицыруеит. Ҳгәы иаанагоит, ари ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рырҿиара аганахьала лагаламҭа бзианы иҟоуп ҳәа", — иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа Аҧшьбатәи адепартамент адиректор Алексеи Павловски.

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев иаҵшьны иҳәеит ареспубликақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа еиуеиҧшым аҩаӡарақәа рыҟны, апарламенттә дипломатиагьы убрахь иналаҵаны, аҿиара ишаҿу.

Алада Уаҧстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов иҟнытә Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба салам иҭаны иҟаиҵаз адкыларазы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Главы МИД Южной Осетии и Абхазии встретились в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еиԥылеит

Уи иаҵшьны иҳәеит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара аҩаӡара аҳаракра атәы, иазгәеиҭеит арахь аара аҳәаа иҭагӡаны иара убас аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара аҵакы шамоу.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба асасцәа дахьқәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсныҟа рааразы.

"Ари иаҳнарбоит Ахада ишьақәиргыло, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи рырҿиареи иазку акурс ҧсахрада ишаанхо", — иазгәеиҭеит аминистр.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ашыкьымҭаз, 1993 шықәса, лаҵара 17 рзы Владислав Арӡынба инапы аҵеиҩит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵаразы Аусԥҟа.еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иара анапхгараҿы иҟан: Саид Ҭаркьыл, Сократ Џьынџьал, Леонид Лакербаиа, Константин Озган, Игорь Ахба, Сергеи Шамба, Максим Ӷәынџьиа, Виачеслав Чрыгба.

Ажәабжьқәа зегьы
0