"Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысуеит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме
Акция Ночь в музее в Государственном музее в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Аҵх амузеи аҟны" шьаҭаркуп 1999 шықәса рзы, Франциа.Аҟәа уи уажәы ԥшьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи.Адунеи аҟны еицазгәарҭо "Аҵх амузеи аҟны" иалахәхоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Жәларбжьаратәи амузеи амш аҽны Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ирымоуп алшара амузеи иаҭаарц, ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәырц. Абри атәы аалыцҳаит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхеи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥган 2015 шықәса рзы. 2017 шықәса рзы. Акциа рҽадыркылеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеии.

Аркадий Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа: амузеи аҭааҩцәа ирымбац амаҭәарқәа рыдаагалоит

"Шықәсык ахь знык Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ирымоуп алшара амузеи иаҭаарц, уи адагьы ауснагӡатә ҷыдақәа рхы рыладырхәырц. Ҳара зегьы ҳреигәырӷьаны иҳадаҳкылоит. Ҵыԥх ҭаацәала иааиуан амузеи ахь. Имҩаԥысуа зегьы аинтерес ду амоуп", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа иҳәеит акциа хықәкны иамоу амузеи ахь анеира аныҳәатә ҟазшьа аҭароуп ҳәа.

Амузеиқәа зегьы рхатәы експонатқәа аздырхиеит. Акциа аанартуеит Ахьӡ-аԥша амузеи.

"Ауснагӡатәқәа ҳрылагоит асааҭ 17:00 рзы. Ҳара ҳекспонатқәа ирхаданы иҟоуп Владислав Арӡынба иавтомашьына. Уажәазы ицәыраагоит арратә фотокорреспондент Ремзи Агрба иусумҭақәа релектронтә форма, Лаҭатәи арыцҳара аҟәыхқәа рекспозициа. Апрограмма еиҿкаауп аконцерт, авикторина, аиндаҭларақәа рыла" — лҳәеит амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеигьы ицәырнагоит уаанӡа афондқәа рҿы иҵәахыз аекспонатқәа. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху амузеи аҿы абри аҵх азкхоит Гьаргь Гәлиа диижьҭеи 105 шықәса ахыҵра.

Амузеиқәа рҭаара хәыда-ԥсадоуп. Аамҭала асааҭ 17:00 рзы ихацыркхоит, ихыркәшахоит асааҭ 00:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0