Аԥснытәи акәашаҩ Гран-при ланашьахеит Ҟрым

© SputnikЛолита Джобава
Лолита Джобава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Я талант" быжьшә рҟынӡа коллектив алахәуп. Иара мҩаԥысуеит Ҟрым, Алушта.

АҞӘА, рашәара 4 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи акәашаҩ қәыԥш Лолита Џьобааԥҳа Гран-при ланашьахеит аноминациа "Хореографическое искусство. Народный танец" аҟны. Лолита лықәҿиара макьанагьы агәра лзымгацт лҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз акәашаҩ лан Елена Џьобааԥҳа.

"Лолита "Ашьхауаа рыкәашара" налыгӡеит. Ажиури Гран-при ланаршьеит. Уаанӡа актәи аҩбатәи аҭыԥқәа лгахьан, аха Гран-при лмоуцызт. Ҳгәырӷьара ҳәаа амам", — лҳәеит ан.

Асоциалтә аԥшьгарақәа рзы Агәыҳалалратә фонд ахада, аконкурс "Я талант" адиректор хада Иван Жданов Лолита илыдигалеит Ҟрым, рашәара 23 инаркны нанҳәа 4 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоу аҟазаратә фестиваль далахәхарц.

Афестиваль аиҿкааҩцәа аџьшьаратә шәҟәқәа рзаарышьҭит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Апарламент адепутат Александр Анқәаби.

Ажәабжьқәа зегьы
0