Афонд "Ашана" ДЦП змоу ахәыҷқәа рзы аԥареизгара хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмир Джагаев
Амир Джагаев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" ДЦП змоу ахәыҷқәа рзы аԥареизгара хацнаркит.

АҞӘА, рашәара 7— Sputnik. Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Жәашықәса зхыҵуа Амир Џьагаеви, жәиԥшь-шықәса зхыҵуа Амина Бигәааԥҳаи Ереван аоперациа рызуразы аԥареизгара хацыркуп.

Амина Бигәааԥҳа уаанӡагьы Ереван аоперациа лзырухьан. Аоперациа ашьҭахь аныҟәара далагеит. Уажәы аҩбатәи лшьапы аоперациа азутәуп.

Мария Коротич - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" аԥареизгара иалагеит Мариа Коротич лыхәышәтәразы

"Амина лабада аныҟәара далагеит. Лыҩшьапык иҷыдоу амаҭәахә ҭагылоуп, аха лара ес-ҽны ашкол ахь дныҟәоит, уажәазы аԥышәарақәа лҽызыҟалҵуеит", — ҳәа еиҭалҳәоит ахәыҷы лан Елисо Бигәааԥҳа.

Амир Џьагаев иакәзаргьы Ереванҟа ахәышәтәразы дрышьҭхьан.

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла ахәыҷқәа Ереван ирызԥшуп. Ахәыҷқәа аоперациа рызуразы еизгатәуп 340 870 нызқь мааҭ. Аԥара абжа Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" иашәоит.

"Ҳаицхырааны 170 400 нызқь мааҭ еидкылатәуп", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Аԥсны акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" аус адырулоит ДЦП змоу ахәыҷқәа Ереван аоперациа рызуразы еицырзеиԥшу апроект.

Ажәабжьқәа зегьы
0