Арҿиаҩы ирҿиамҭа: Езаҭ Џьениа иҳамҭаҷқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳамҭаҷқәа рыҟаҵара знапы алаку Езаҭ Џьениа.
Аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара знапы алаку Езаҭ Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акыршықәса инеиԥынкыланы аҳамҭаҷқәа аҟаҵара инапы алакуп Езаҭ Џьениа. Иара инарҭбаан еиҭеиҳәеит аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара аидеиа шизцәырҵызи зегь реиҳа дызхыҽхәо иусумҭақәеи ртәы.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Раԥхьатәи аусумҭа- ақьанџьа "аԥсуа ахаҵа"

Имаҷҩымкәа Аԥсни Урыстәылеи рыуаажәлар Езаҭ Џьениа иӡбахә раҳахьеит. Аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара иара 12 шықәса ҵуеит инапы алакуижьҭеи. Езаҭ Џьениа ари аус хкы инапы алакра машәыршақә иҟамлеит ҳәа иазиԥхьаӡоит, избан акәзар ишиқәҿиоз аҟара анырра иман, агәра игон.

"Раԥхьатәи сырҿиамҭа акерамика иалхыз акьанџьа — аԥсуа хаҵа ауп, иахьеиԥш исгәалашәоит иара аус анадызулоз, ахҭырԥеи ауапеи аназызӡахуаз. Уи гәахәара дула снапы алакын, ахкқәа рацәаны иаԥысҵеит, анаҩс сани сҩызеи идсырбеит, ианыргәаԥха иҟаҵалатәуп рҳәеит. Уи инаркны иара акьанџьа аҟаҵара снапы алакын, аха иақәсырӡуаз аамҭа иахҟьаны иаансыжьит. Иахьагьы уи акьанџьа иадҵаало рхыԥхьаӡара рацәоуп, аха аҟаҵараз макьана схәыцуеит", — абас аҟазарахь раԥхьатәи ишьаҿақәа шеихигоз игәалаиршәоит Езаҭ Џьениа.

Езаҭ Џьениа иажәақәа рыла, ибзиаӡаны дигәалашәоит раԥхьатәи икьанџьа аазхәаз ауаҩы. Уи Швеицариантә асасааирҭа "Аиҭар" аҟны зыԥсы зшьоз иоуп, ҳәа ацыиҵеит иара.

Езаҭ Џьениа иуасҭарҭаҟны иҟарҵо аҳамҭаҷқәа зегьы аԥсуа культуреи аԥсуареи рныԥшуеит. Иара хықәкыла аԥсшьацәа рзыҳәан иҭижьуеит, дара рыблала дахәаԥшуеит, иргәаԥхаришь ҳәа дазхәыцуеит, рыблаҿы иааиртә еиԥш ахаҭабзиареи аԥшреи ҟаиҵоит.

"Сара исҭахуп иҟаҳҵо аҳамҭаҷқәа рыла Аԥсны рдыруа, аинтерес рызцәырҵуа иҟаларц. Ҳнапкымҭақәа зегьы аԥсуара асиужет агәылсуеит, аҩырақәа ирнуи иара аиҿартәышьеи зегьы ҳмилаҭтә хаҿра аныԥшуеит", — ҳәа иҳәоит аҟаза.

Ауадҳара аҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
"Ауадҳара" - зыԥсы ҭоу аӡы

Езаҭ Џьениа иуасҭарҭаҟны аус руеит быжьҩык аусзуҩцәа, дара зегьы ргәы ацԥыҳәаны, рнапы злаку аус ахшыҩзышьҭра аҭаны русура иазнеиуеит. Ҿыцрак рнапы аналаку дара рзыҳәан ныҳәоуп.

Асувенирқәа рыҟаҵашьа

12 шықәса ирылагӡаны Езаҭ Џьениа аус ицызуеи иареи иуадаҩыз аусура аҟнытә, имариаз атехнологиа ахь ихьаԥшит. Иҟарцо ахыԥхьаӡареи, ахкқәеи рацәоуп аҟнытә иманшәалоу атехнологиақәа рхы иадырхәоит. Езаҭ Џьениа иуасҭарҭа ҳаныныҩнала инаркны иара аҳамҭаҷқәа рыҟаҵашьа амаӡақәа ҳзааиртит.

"Аҳамҭаҷқәа рацәаны иҭҳажьуеит аҟнытә, хықәкыла ахаҭабзиара ҳацклаԥшуеит, имариоу атехнологиақәа, ҳаамҭа иашьашәалоу амыругақәа ҳхы иаҳархәоит", — ҳәа иҳәоит Џьениа.

Езаҭ Џьениа иажәақәа рыла, асувенирқәа рыҟаҵара амаӡақәа аҵоуп, унапы иақәшәар ауп раԥхьаӡа иргыланы, насгьы гәыкала уазнеиуазар ауп.

Аԥенџьыр системақәа реиқәыршәара. - Sputnik Аҧсны
Афранцыз акцент змоу аԥсуа бизнес

"Раԥхьаӡа иргыланы, идеиак ансызцәырҵлак ашьҭахь, снатәаны апластилин ала аԥшынра ҟасҵоит, анаҩсан ашҟә аҵаҳҭәоит, уи ашьҭахь асиликони аформопласти рхархәарала акомпозициа ачаԥашьа шьақәҳаргылоит, уи анаҩс ауп хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара напы анаҳаркуа. Ашҟә иалху аилыршьышьы аныҟаҳҵо хылаԥшра аҭахуп, аӡы ашҟә аналарԥсо ашьшьыҳәа иаларыԥсуеит, ианаҭаху аҷаб аларҭәоит, аформа ашҟә анҭарҭәо ампышҭақәа ҟамларц азы ашьшьыҳәа иҭаҳҭәоит, аформа аԥырхага аиур аҳамҭаҷқәа ԥхасҭахоит. Ашҟә аншәлак ашьҭахь, аформа иҭыганы ҷыдалатәи амыруга ахархәарала ԥырхага ахьамоуа зегьы ҳрыцқьоит, анаҩс ашҟә арҩҩаразы 20 сааҭ инарзынаԥшуа аԥечка иҭаҳҵоит, уи ашьҭахь хынтә иаҳшәуеит, аҵыхәтәантәи ацәаҳәаҟны ҳанааилак алак ахьаҳшьуеит", — ҳәа шьаҿа-шьаҿала атехнологиа еиҭеиҳәеит аҟаза.

Езаҭ Џьениа иажәақәа рыла, иҟарҵо аалыҵ зегьы ахаҭабзиара аҳаракыраз амаругақәа иреигӡаӡом.

Езаҭ Џьениа инапы иҵыҵуа асувенирқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп: аҳатәырақәа, аццышәҭрақәа, аиҷаҳаратә маҭәахәқәа, зегь реиҳа изызҵаауа акакәны иҟоуп аҩычагатә панно (декоративное панно).

© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление сувениров в Гудауте.
Изготовление сувениров в Гудауте. - Sputnik Аҧсны
Изготовление сувениров в Гудауте.

Аҿырԥштәы бзиа

Езаҭ Џьениа иусумҭақәа уанрылаԥшуа аҟаза бзиа, зусура ҭакԥхықәралеи бзиабаралеи иазнеиуа инапы ишыҵаҵыз убартә иҟоуп. Иара аҟазарахь абзиабара шьҭикааит асахьаҭыхра бзиа избоз, изыкәҿиоз иаб иҟынтә, иара изы уи дҿырԥшыган. Езаҭ Џьениа гәазыҳәарас имоуп акырӡа иқәҿио абизнес ааныжьны асахьаҭыхрахь дхынҳәырц, иаԥиҵарц ихатәы студиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0