Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахаантәи аԥсыжырҭаҿы аусурақәа ирыцҵоуп

© AFP 2023 / FABRICE COFFRINIКрасный Крест отмечает 152-летие гуманитарной деятельности
Красный Крест отмечает 152-летие гуманитарной деятельности - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи агуманитартә еиҿкаара Жәларбжьаратәи аџьар ҟаԥшь аилак Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы хабарда ибжьаӡыз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаараз 2013 шықәса раахыс аус ауеит.

АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыԥсыбаҩқәа рхаҭара ашьықәыргылараз Жәларбжьаратәи аџьар ҟаԥшь аилак аусура хацнаркит Аҟәа, абри атәы Sputnik акорреспондент изааицҳаит Аԥсны Аџьар ҟаԥшь аилак хадара зызуа Максим Забалуев.

Ҳаџьымба: Аџьар ҟаԥшь Аԥсназы иалшаз рацәоуп

"Иацы аусурақәа хацыркын Курченко лыхьӡ зху апарк аҟны. Аҟәа иахьаҵанакуа аԥшаарақәа акырџьара имҩаԥаагахьеит. Ишысгәалашәо ала, ари аҭыԥ аҟны ҳаԥшаарақәа  ҩынтәуп", —  иҳәеит Забалуев.

Аԥсны Аџьар ҟаԥшь аилак хадара азызуа иажәақәа рыла, аԥсыбаҩқәа рыԥшаараз аусурақәа мҩаԥыргоит Аԥсны араионқәа зегьы 45 ҭыԥ рахьтә 40 ҭыԥ рҟны. Урҭ аҭыԥқәа рзы аинформациа роуит Хабарда ибжьаӡыз рзы акомиссиа аиԥыларан аԥсуа гани ақырҭуа гани алахәны, Жәларбжьаратәи аџьар ҟаԥшь абжьацәажәарала.

Жәларбжьаратәи агуманитартә еиҿкаара Жәларбжьаратәи аџьар ҟаԥшь аилак Аԥсны аусура хацнаркит Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0