Ахба: амцҳәаҩцәа уҽырцәыухьчарц азы аминистрра асаит уаҭаалар ауп

© Sputnik / Александр Уткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМВО
МВО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит атуристцәа амцҳәаҩцәа рҽырцәыхьчараз азы иҟарҵалаша.

АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иаҭаар зҭаху асасааирҭақәа алырхыр рылшоит аминистрра аофициалтә саит аҟны ҳәа иҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба Sputnik аинтервиу аҭо.

Елизавета Малания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Маланиаԥҳа: џьоукы ируз ацәгьарала ҳхы ӡырҳгар алшоит

"Ҳара асаит ахь иҭаҳҵоит ареспублика асасааирҭақәа рзы адыррақәа атуристцәа имшәа-имырҳа Аԥсныҟа иааларц", — иҳәеит иара.

Аԥсшьарҭа ҩнқәа, асасааирҭақәа, асанаториақәа уҳәа рзы аинформациа аиуразы атуристцәа иаадыртыроуп аминистрра асаит аҟәша "Атуристтә портал". Уа иԥшаатәуп апункт "Анырхара". Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла аҟәша аамҭа-аамҭала ихадырҭәаауеит. Атуристцәа ирылшоит еиҳа ирнаало аҭыԥ алхра. Убри аан урҭ ржьап ҳәа ашәарҭара ыҟам.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит ааигәа аотелиерцәеи рԥылараан ишалацәажәоз атуристцәа ршәарҭадара азҵаара.

"Аԥаршеи саитқәа аԥҵаны ауаа иҟам-ианым анхарҭа ҭыԥқәа ирыдрыԥхьалоит. Амцҳәаҩцәа амҩа рымҭара хықәкны иҟаҵаны аҳәара ҟаҳҵеит асасааирҭақәа рахь аофициалтә саитқәа аԥырҵарц, урҭ аситқәа иаку ареестр ахь иҭаагаларц азы", — иҳәеит Асҭамыр Ахба.

Ажәабжьқәа зегьы
0