Тҟәарчал лассы ихыркәшахоит атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара

© Sputnik / Томас ТхайцукНовый абхазский паспорт
Новый абхазский паспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба иҭиҵаауан Очамчыреи Тҟәарчали рпаспорттә Усбарҭақәа рҭагылазаашьа, атәылауаа арҭ араионқәа рҟны апаспортқәа шроуа.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik. Аԥсны аминистрцәа реилазаара асаит аҟны адырра ҟаҵоуп Тҟәарчал араион аҟны ауааԥсыра паспортла реиқәыршәара хара имгакәа ихыркәшахоит ҳәа.

"Тҟәарчал инхоит 5000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 4000-ҩык апаспортқәа рыла еиқәыршәоуп. Тҟәарчал араион ақыҭақәа рҿы инхоит 10 000-ҩык, урҭ реиҳараҩык анхараз азин роураны иҟоуп. Абри зегьы шаҳаҭра ауеит ауааԥсыра паспортла реиқәыршәара ахыркәшамҭахь ишнеиз", — ҳәа иазгәалҭеит Тҟәарчал араион апаспорттә ҟәша аиҳабы Ельвира Аршԥҳа.

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба иара убасгьы иҭиҵаауан Очамчыра араион апаспорттә Усбарҭа аусура.

"Иахьатәи аамҭазы 6 873 паспорт шоуп, 162-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа мап рцәкуп. Анхараз азин зҭаху рырзаҳалқәа 280 рыдыркылахьеит", — ҳәа аҳәоит асаит адырраҭараҿы.

Асҭамыр Қьецба иазгәеиҭеит апаспортқәа рыҭараан ицәырҵуа апроблемақәа зегьы оперативла рҭыԥ иқәҵалатәуп ҳәа.

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба иҭиҵаауан Очамчыреи Тҟәарчали рпаспорттә Усбарҭақәа рҭагылазаашьа, атәылауаа арҭ араионқәа рҟны апаспортқәа шроуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0