Анаркоманиа - комплекстә проблемоуп: Аҟәа имҩаԥысит астол гьыжь

© Sputnik / Томас ТхайцукКруглый стол на тему наркозависимости и незаконного аборта
Круглый стол на тему наркозависимости и незаконного аборта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит астол гьыжь, анаркоманиа апроблемақәа ирызкны. Аилацәажәара иалахәыз иазгәарҭеит апроблема аӡбразы ишхымԥадатәиу акомплекстә программа.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik

Анаркоманиа — комплекстә проблемоуп. Убри азы иара еицҿакрыла иӡбалатәуп. Абасеиԥш иҟаз агәаанагара иазкылсит аԥшьаша, ԥхынгәы 5 рзы Аҟәа имҩаԥысуаз астол гьыжь алахәылацәа. Иӡбалатәуп, аха ишԥаӡбатәу? Абри азҵаара еиҳа иуадаҩуп, аимак-аиҿакгьы ацуп.

Ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа игәаанагарала макьаназ аус адулам аҳәынҭқарратә комплекстә программа. Убри аан апрограммаҿы иарбазароуп аглобалтә блокқәа ҩба. Актәи – уи амчратә структурақәа анаркотикқәа рылазырҵәо ирҿагыланы рықәԥара, аҩбатәи – уи агәабзиарахьчареи аҵареи рминистррақәа русеицура.

Ҵахнакьиа агәрагара имоуп анаркоманиа азыԥхьагәаҭара иазырхазар шакәу аусурақәа рӷьырак. Ахәышәтәра аасҭа аԥырҟәҟәаара, азыԥхьагәаҭара еиҳа имариоуп иҳәоит иара.

Аминистр диқәшаҳаҭуп анарколог Ирма Ануаԥҳа. Лара иазгәалҭоит аԥхьатәи апрофилактикатә усура еиҳа имариоуп ҳәа.

"Абри аусхк аҟны асистематә усура мҩаԥгам. Аамҭа-аамҭала иҟаҳҵо ауп. Ахәыҷқәа аус рыдулалатәуп, алекциақәа мҩаԥгалатәуп. Иара убри аан алекциақәа апроблема рзыӡбо иҟам" — лҳәоит анарколог.

Аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟазауаҩ Владимир Џьоџьуа игәаанагарала анаркоманиа иаҿагыланы ақәԥараҿы еиҳа хра зманы иҟоу азинхьчаратә органқәа русура иашоуп.

"Рацәак идууп атәыла аҩныҵҟа хра аманы иҟоуп азинхьчаратәи ашәарҭадаратәи органқәа русура. Урҭ ишахәҭоу еиԥш, ирӷьны аус рур арҽеирақәа рацәахоит. Аинформациатә программа – уи рацәак лҵшәа ҟазымҵо усуп", — иҳәоит иара.

2017 шықәса рзы Ареспубликатә наркалогиатә диспансер аҿы аҽыхәышәтәра иахыжьын 1350-ҩык ауааԥсыра. Дара реиҳараҩык аҿар роуп.

Агәабзиарахьчара аминистрра иагәҭакуп адиспансер аҿы ареабилитациатә ҟәша аартра.

Ажәабжьқәа зегьы
0