Аԥсны абираҟ аҳәынҭқарратә хьчара аиуеит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Абхазии
Ситуация в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"1992-1993шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира Абираҟ азы" Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан рыдыркылеит ԥхынгәы 12 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 12— Sputnik, Бадри Есиава. 1993 шықәса цәыббра 30 рзы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы иқәыргылаз Аиааира Абираҟ аблаҷыцеиԥш ахьчара азура шхымԥадатәиу азгәаҭан адепутатцәа реилатәараан.

"Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҟны иҵәахуп 1993 шықәса цәыббра 30 рзы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы иқәыргылаз Аиааира Абираҟ. Аиааира Абираҟ аҟазаара аҭыԥи ахархәара аҭагылазаашьақәеи ҳәаақәиҵоит атәыла Ахада", — иҳәоит азакәан апроект адепутатцәа ирыдгало, адепутат Илиа Гәниа.

Иара иазгәеиҭеит амилаҭтә шәарҭадараз апарламенттә еилакы адепутатцәа абжьагара шрынаҭо азакәан апроект адкыларазы. Адепутатцәагьы аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан апроект рыдыркылоит.

Аԥсны абираҟ раԥхьатәи аекземплиар амузеи аҟны ицәырыргеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа — ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аш аураала аиаҵәеи ашкәакәа ҧшшәи рыла зҽеиҭнызыҧсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ҧшьба иаҵәоуп, хҧа – шкәакәоуп. Хыхьла актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа иаҵәоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аҧсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш бзиа.

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ҧшшәахәыла иҟаҧшьу аҧшьыркца иаша, зоура абираҟ аура хыџьара ишаны хәҭак маҷк инеиҳау, зыҭбаара х-цәаҳәаки ираҟароу. Аҧшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту арҕьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аҧсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырҧшуп. Аҟаҧшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп. Аҧшшәахәы ҟаҧшь ианубаало анапы шкәакәа – Аҧсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, XII шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аҧсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжьеҵәак Аҧсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигеҭиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибҕа. Дара ирыҵаркуан аҧсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы.

Абираҟ автор – Валери Гамгьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0