Аԥсны иҟам азакәан аԥсаатәқәа мҿыӷрала рызныҟәаразы аҭакԥхықәра удызҵо

© Фото : пресс-служба Кабинета министровИнспекция Кабмина туристических объектов
Инспекция Кабмина туристических объектов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр иқәҵарала иаԥҵоу акомиссиа атәылаҿ акурорттә сезон ишазыхиоу ҭнаҵаауан.

АҞӘА, ԥхынгәы 13– Sputnik. Закәаншьаҭада аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхы ишадырхәо, урҭ мҽыӷрыла ирызныҟәо шыҟоу иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Ҷыҭанаа иажәақәа рыла Аԥсны иҟаӡам азакәан аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи мҽыӷрыла рызныҟәаразы аҭакԥхықәра удызҵо.

"Аԥсны иҟаӡам азакәан, аха ҳара иҳамоуп аусԥҟа. Уи инақәыршәаны ахараԥса 1800 мааҭ ушәоит. Аха уи аҭагылазаашьа ҭышәнартәалоны иҟам", — иҳәеит иара.

Акомиссиа рҭааит еиҳа атуристцәа збара рҭахны иҟоу аҭыԥқәа: Афон Ҿыц, Риҵа, Гагра. Уаҟа ахәԥса ахшәааны атуристцәа ирылшон аҳ икәты, амаамынқәа, атқәа, амшәқәа, алымҵәҟьа рфотосахьа рыцҭырхыр.

Ҷыҭанаа ишиҳәо ала арҭ аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыԥшәмацәа аԥарарҳароуп хықәкы хаданы ирымоу.

"Аветеренартә гәаҭара иахыжьым. Амла иакуеит. Ирыцҳахәха рыҭрақәа ирҭакуп. Ари мҽыӷрыла азнеироуп иаанаго", — иҳәеит иара.

Аилак ахантәаҩы ишиҳәо ала агәаҭарақәа ныхдыркәшалак ашьҭахь акомиссиа иагәҭакуп инарҭбаау аилатәара мҩаԥыргарц, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыхьчаразы азакәан ҿыц апроект азырхиаразы ажәадгала ҟарҵарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0