Аԥсны Ахадара Нхыҵ-Кавказтәи аусқәа рзы Урыстәыла аминистр дрыдыркылеит

© Фото : http://presidentofabkhazia.orgАԥсны Ахадара Нхыҵ-Кавказтәи аусқәа рзы Урыстәыла аминистр дрыдыркылеит
Аԥсны Ахадара Нхыҵ-Кавказтәи аусқәа рзы Урыстәыла аминистр дрыдыркылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәымза 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадареи Нхыҵ-Кавказтәи аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистри реиԥылара мҩаԥысит.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Ԥхынгәымза 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиеи Нхыҵ-Кавказтәи аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Сергеи Чеботариови реиҧылара мҩаҧысит.

"Аԥсны шәбара сеигәырӷьоит. Ишәыдысныҳәаларц сҭахуп Аҧсны иадҳәалахо шәмаҵзура ҿыц. Ари ахырхарҭа Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы акрызҵазкуа аҭыԥ ааннакылоит. Сгәы иаанагоит ҳусеицура аихьӡарақәа аманы имҩаҧыслоит ҳәа", —  азгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.

Асас иазгәеиҭеит Аԥсныи Урыстәылеи русеицура хра аманы ишибо.

"Нхыҵ-Кавказтәи аусқәа рзы министрк иаҳасабала арахь саара сеигәырҕьоит. Сара сзы гәахәароуп ари амаҵзураҿы ҳаиашьаратә Республикақәа — Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала хәарҭа злоу аусура амҩаҧгара. Хымҧада, шәара ишышәҳәаз еиԥш, аус еицаҳаулоит уаанӡеиԥш, еффективла. Сара сганахьала, даҽазныкгьы ишьақәсырҕәҕәоит, аиҩызареи аицхыраареи рзы иҳабжьаҳҵахьаз Аиқәшаҳаҭра ду инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа ахы иаднаҵаз ҭакԥхықәрала ишазнеиуа", — иҳәеит иара.

Сергеи Чеботариов иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу аиҭакрақәа.

30 сентября – День Победы и Независимости - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәылауаа Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа рҭалараз аԥышәарақәа рҭиуеит

"Иазгәаҭазарц сҭахуп, Аԥсны смааижьҭеи акыр ҵуеит аҟнытә, избоит шәара шәнапхгара иабзоураны имҩаҧысуа аиҭакрақәа. Ицәырҵуа иалагеит ахәаахәҭырҭа ҿыцқәа, ауаажәларратә крыфарҭатә наплакқәа, аԥсшьаҩцәа рзы аҭыԥ ҿыцқәа, аԥсшьарҭа ҩнқәа, амҩақәа — Урыстәылатәи Афедерациаҿы џьар-џьара иаашәыҵашьыцыртә еиԥш иҟоуп. Абасала, иахьа Аԥсны аихьӡарақәа маҷӡам. Абарҭқәа зегьы — шәара шәнапхгареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи ирыбзоураны. Сгәы иаанагоит, аҭагылазаашьа иҵегьы аиҕьтәразы азҵаарақәа зегьы рганхьала алшарақәа рыҧшаара ҳалшап ҳәа ", — иҳәеит Сергеи Чеботариов.

Ахада, ҷыдала, абасеиԥш иҟоу ахырхарҭала иҿиалароуп иҳәеит Урыстәылеи Аԥсныи русеицура.

"Сгәы иаанагоит, арҭ аизыҟазаашьақәа абри ахырхарҭала иҿиалароуп ҳәа. Даҽакала ҟалашьа амаӡам. Арҭ апроцессқәа зегьы еилыкка иҟазароуп, хылаԥшрагьы рымазароуп аҩ-ганкгьы рганахьала. Шәареи ҳареи ҳазлацәажәо азҵааарақәа Аԥсназы акраҵанакуеит. Хымԥада, иахьа иеиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны адгылара ҳазҭо Урыстәыла, Аԥсны иаиуа афинанстә цхыраара аҟнытә алҵшәа бзиақәа ирзыҧшуп", — азгәеиҭеит Ахада.

Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иакәзар Сергеи Чеботариов идиныҳәалеит имаҵзура ҿыц, иагьазгәеиҭеит Аԥсныи Урыстәылеи хра рыманы русеицура атәылақәа рыҩбагь рзы ихәарҭаны ишибо.

Чеботариов Аԥыза-министр агәра ииргеит ԥхьаҟагьы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсназы иҟанаҵо ацхыраара иахәҭоу аҳаракыра шамазаауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0