Манаргиа атәылауаҩшәҟәқәа рыҭаразы: ауааԥсыра аҭакԥхықәра иаҵагылом

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазский паспорт
Абхазский паспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба Гәдоуҭа араион Ахадараҿ ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа рыҭаразы аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба Гәдоуҭа араион Ахадараҿ ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа рыҭаразы аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәараҿы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апаспорттә усбарҭа аиҳабы Едуард Манаргиа далацәажәеит атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара апроцесс амҩаԥысшьа. Иҳәеит ареспубликаҿы ирхианы ишышьҭоу аа-нызқь рҟынӡа паспорт. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

"Апаспортқәа рхианы ишьҭоуп аха изтәу ргара иахыццакуам. Уи иаанаго ҳтәылауаа аҭакԥхықәра иаҵагылом ауп. Апаспортқәа рыҭара акәзар, ишзалшо ала иҳармариоит", —иҳәеит Манаргиа.

Глава администрации Галского района Темур Надарая - Sputnik Аҧсны
Надараиа: атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра акәӡам, аҿыцқәа рыла аиқәыршәароуп имҩаԥысуа

Апаспорттә усбарҭа апаспорттә ҟәша аиҳабы Мзиа Ҳагәышь еиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион аҿы атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара шымҩаԥысуа.

"Араион аҿы апаспорт рыҭатәны иҟоуп 27 нызқьҩык. Иахьазы ираҳҭахьеит 10 560 паспорт, ирхианы аха ирымҭакәа иҟоуп 400 паспорт" — лҳәеит лара.

Уаанӡа Асҭамыр Қьецба асеиԥш иҟоу аилацәажәарақәа мҩаԥигахьан Гәылрыԥшьтәи, Гагратәи, Тҟәарчалтәи, Очамчыратәи араионқәа рҿы.

Гәылрыԥшь араион аҿы апаспортқәа роухьеит 6488-ҩык.

Гагра араион аҿы — 6116-ҩык.

Тҟәарчал араион аҿы — 3890-ҩык.

Очамчыра араион аҿы — 6873-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0