Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку 23-тәи аԥкьаҭ асратә турнир Гагра иаатит

© Sputnik Саида ЖибаАрзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку 23-тәи аԥкьаҭ асратә турнир
Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку 23-тәи аԥкьаҭ асратә турнир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку 23-тәи аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра.

ГАГРА, нанҳәа 6 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Нанҳәамза 6 инаркны 11–нӡа, Гагратәи аԥкьаҭмпыл асратә дәы аҟны имҩаԥыслоит Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху, есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир.

Теннисные корты - Sputnik Аҧсны
Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых

Уи иалахәуп Москвеи, Санкт-Петербурги, Магнитогорски, Казани, Нижни Тагили, Владикавкази уҳәа рҟнытә 67-ҩык, аашықәса зхыҵуа инаддыркны жәохә шықәсанӡа зхыҵуа аспортсменцәа. Аԥсны ахьӡала ахәмаррақәа мҩаԥыргалоит 21-ӡәы аԥкьаҭ асцәа хәыҷқәа.

Атурнир аарта аофициалтә церемониа иалахәын Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба иан Гәыли Кьычба, Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациеи, Гагра араион Ахадареи, Аԥсны Абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки рхаҭарнакцәа.

Арзамеҭ Ҭарба иан Гәыли Кьычба есышықәса ари атурнир лгәы хыҭ-хыҭуа дазыԥшуп. Лыҷкәын игәалашәара ҳаҭырла иахьазнеиуа, лара лзы еиҳау ҳамҭа ыҟам.

"Сынтәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира 25 шықәса ахыҵуеит. Иахьа, шәара аҭынч ԥсҭазаара иалиааз ахәыҷқәа, амра лаша шәхаԥхо, ахәмарразы алшара шәызҭаз, абри атәыла ссир зхы ақәызҵаз аҵеицәа роуп. Шәаԥхьаҟа ишьҭоу аиааирақәа зегьы аспорти арҿиареи иазкызааит", — лҳәеит ан.

Арзамеҭ Ҭарба аамҭала аԥкьаҭ асратә спорт аҟны алҵшәа бзиақәа ааирԥшхьан, Аспорт азҟаза акандидат ҳәагьы ахьӡ иман.

Аԥсны Афырхаҵа ихьӡынҩылоу атурнир ахыԥхьаӡалоуп Урыстәылатәи аԥкьаҭ асратә тур, уаҟа иарбахоит аԥхьахәқәа аанызкыло аспортсменцәа қәыԥшцәа рылҵшәақәа.

"Гагра имҩаԥысуа аԥкьаҭ асратә турнир есқьынагьы ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ анаунагӡатәра, еиҵагыло абиԥареи ҳареи уалԥшьа дуны иҳадуп. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҿар ирыларааӡоит раԥхьа иргыланы апатриотизм, иара убас аспорт ахь агәыбылра. Урыстәылатәи аспортсменцәа даара аԥышәеи азыҟаҵара бзиеи рымоуп, аха агәра шәсыргоит, ҳара ҳтәқәагьы рашьҭахь ишгылам, ус шакәу шәхаҭагьы араҟа ижәбоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа Ахада Ҭамаз Абӷаџьаа.

Атурнир алахәцәа дрыдныҳәало, Абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар аспортсменцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәеи, илахҿыхыу ахәмаррақәеи.

Асасцәа рахьтә иҟан раԥхьаӡакәны ари атурнир зҽалазырхәыз. Дара аԥкьаҭ асра анаҩс, агәахәара рнаҭеит икахха иԥхоз амреи, амшын ҟәандеи, изыдԥшылоз ҳашьха ссирқәеи.

© Sputnik Саида ЖибаАрзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку 23-тәи аԥкьаҭ асратә турнир
Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку 23-тәи аԥкьаҭ асратә турнир - Sputnik Аҧсны
Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку 23-тәи аԥкьаҭ асратә турнир

Ажәабжьқәа зегьы
0