Очамчыра иҟалаз амҩатә машәыр ҭырҵааит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобили полиции на улице Москвы.
Автомобили полиции на улице Москвы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 4 рзы Очамчыра иҟалаз амҩатә машәыр аганахь ала аусҭҵаара мҩаԥысуеит.

АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. Аусҭҵаара ишьақәнаргылеит Очамчыра инхо Давид Георгаӡе, 1982 шықәса рзы ииз, автомашьына "Daimler-Chrysler" аԥсҟы шикыз анаркотикатә маҭәашьар илаҵаны. Амҩаҿ аԥсҟы импыҵҟьаны иаԥхьаҟа иааиуаз автомашьына "Volkswagen Passat" дасит ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

"Daimler-Chrysler" ақалақь агәахьы амҩа иқәын. Амашәыр ҟалеит Баграт Шьынқәба имҩаҿ, 19:30 сааҭ рзы.

"Volkswagen Passat" — апассаџьыр, Араду ақыҭан инхоз, 1959 шықәсга рзы ииз аҭыԥ аҿы лыԥсҭазаара далҵуеит, аҩбатәи апассаџьыр ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵуеит.

"Daimler-Chrysler" апассаџьырцәагьы еиуеиԥшым аахақәа роуны ахәышәтәырҭахь инаргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0