Аԥсны ААР: Евроеидгыла иҟоу аҭагылазаашьа изанышәом

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Европейского парламента в Страсбурге.
Здание Европейского парламента в Страсбурге. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Канада Адәныҟатәи аусқәа рминистр Христи Фриланд ааԥхьара ҟалҵеит Евроеидгыла амониторингтә миссиа "Қырҭтәыла иатәу аҵакырақәа" рахь инашьҭызарц.

АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Канада Адәныҟатәи аусқәа рминистр Христи Фриланд лажәақәа Мраҭашәара лассы-лассы ахы ианархәо аклишеқәа ируакуп ҳәа ахырҳәааит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Канада аминистр лықәгылара аминистрраҿы Европа иахьазы иҟоу аҭагылазаашьақәа ахьрызырыдымкыло аанарԥшуеит рҳәеит.

"Иумбарц залшом ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа аус аныруа жәларбжьаратәи аилазаара уи ырԥаршеины ианрызцәырырго аҭагылазаашьа шакәу иахьазы иҟоу. Фриланд илгәалаҳаршәарц ҳҭахуп Медведев-Саркози рыплан инақәыршәаны европатәи анаԥшцәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыԥну азонақәа рҿы ишыҟоу", — ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рпроблемақәа рыӡбра рҽазышәо Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рхатә проблемақәа рхашҭуеит ҳәа азгәарҭеит аминистрраҿы.

"Шамахак изламцәажәо Квебек апроблема Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рпроблема еиҳамзар еиҵам", — ҳәа азгәаҭоуп адокумент аҿы.

Ԥхынгәы 8 2008 шықәса рзы ақырҭуа ар " Градқәа", атанкқәа, авиациа рыла ихысуа аахыҵ Уаԥстәыла иажәлеит, аҳҭнықалақь Цхинвал абжара еилаԥырыххааит. Урыстәыла ауаԥс жәлар аӡәреи-аԥсреи ирцәыхьчо ақырҭуа ир ирҿагылеит. Хәымш ицоз аибашьра ашьҭахь Аахыҵ Уаԥстәыла ахы иақәиҭтәын.

Москва нанҳәа 26 2008 рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0