Пицунда агәыҳалалратә концерт мҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПицундский орган
Пицундский орган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥшьышықәса рыҩныҵҟа пицундатәи аконцертқәа еизыргеит 1,5 миллион мааҭ рҟынӡа.

АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Пицундатәи ауахәама аҳәынҭқарратә концерт зал аҟны имҩаԥысраны иҟоуп агәыҳалалратә концерт нанҳәа 11 рзы ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьал.

Лара лажаәқәа рыла ахәылԥаз ҩ-хәҭакны ишахоит. Актәи ахәҭаҿы имҩаԥгахоит агалереиа "Шазина", асахьаҭыхыҩ Мариа Ԥлиа, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа, аҩбатәи ахәҭаҿы аклассикатә музыка ашәаҳәаҩцәа – Алхас Ферзба, Нана Черқьезиа, Лука Гаделиа, аквартет "Каприччио" рықәгылара.

"Еизгахо аԥарақәа зегьы азырхахоит ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәра", — ҳәа лҳәоит "Ашана" ахаҭарнак.

Ԥшьышықәса рыҩныҵҟа пицундатәи аконцертқәа еизыргеит 1,5 миллион мааҭ рҟынӡа. Иара еицеиҿыркаауеит афонд "Ашанеи" асоциал-культуратә аԥшьгарақәа рфонди.

2017 шықәса рзы Пицунда имҩаԥысуаз агәыҳалалратә концерт-цәыргақәҵа "Лучшие социальные проекты России"аԥхьахә аиуит, акатегориа "Благотворительность" ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0