Акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" Москватәи акинофестиваль аҿы аиааира агеит

© Screenshot: YouTube/Inar Narmania Кадры из фильма "Меня зовут Махаз"
Кадры из фильма Меня зовут Махаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VII зметраж кьаҿу Жәларбжьаратәи акинофестиваль "KONIK Film Festival" Москва имҩаԥысуан нанҳәа 8 -12 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 13– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа режиссер Инар Нарманиа икиносахьа "Махаз сыхьӡуп" Москватәи акинофестиваль аҿы аиааира агеит. VII зметраж кьаҿу Жәларбжьаратәи акинофестиваль "KONIK Film Festival" Москва имҩаԥысуан нанҳәа 8 —12 рзы.

Кадр из фильма Меня Зовут Махаз. Режиссер Инар Нармания - Sputnik Аҧсны
Калининградтәи акинофестиваль аҟны иддырбоит акиносахьа "Махаз сыхьӡуп"

"Афестиваль, есышықәса Москва имҩаԥысуеит. Ҳара азыҳәа наҳашьҭит хымзҟа раԥхьа аҽалархәразы. Мызкы аҩныҵҟа алкаарақәа мҩаԥыргон. Нас адырра ҳарҭеит акинофестиваль ҳшалахәхо азы", — ҳәа еиҭеиҳәоит арежиссиор Инар Нарманиа.

Нарманиа иазгәеиҭеит афестиваль ишалахәыз Урыстәыла, Франциа, Бельгиа, Хорватиа уҳәа атәылақәа жәпакы. Иара иҳәеит акиносахьа ахәаԥшыҩцәа ишыргәаԥхаз.

"Агәахәара ду сымоуп акиносахьа ахәшьара ду ахьаиуз", — иҳәеит иара.

Сынтәа аконкурстә программа ахәшьара арҭон: акинопродиусер Дмитри Рудовски, акинорежиссер Владимир Фенченко, актриса Иана Поплавскаиа, асахьаҭыхыҩ Едуард Галкин, аоператор Александр Кузнецов. Аконкурстә программа иалахәын 50 фильм.

Михаил Лакрба иновеллақәа ирылху акиносахьа иара убасгьы иалахәхараны иҟоуп Калининград нанҳәа 18 — 20 рзы имҩаԥысраны иҟоу афестиваль "Короче".

Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҟны "Махаз сыхьӡуп" иреиӷьу ҳәа иршьаз аусумҭақәа хԥа ируакын. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль мҩаԥысуан мшаԥы 2 — 6 рзы. Иара иалахәын Аԥсны, Урыстәыла, Европа, ИАР, Марокко, Тунис, Кореиа, Иран, Узбекистан, Венгриа.

Ажәабжьқәа зегьы
0