Гагра араион иатәыз, аконцлагерьқәа рыҭҟәаҩцәа даҽа фҩык рыӡбахә еилкаахеит

© Sputnik / Саида ЖибаГагра араион иатәыз, аконцлагерьқәа рыҭҟәаҩцәа даҽа фҩык рыӡбахә еилкаахеит
Гагра араион иатәыз, аконцлагерьқәа рыҭҟәаҩцәа даҽа фҩык рыӡбахә еилкаахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахьӡ архынҳәра" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, даҽа фҩык Гагра араион иатәыз, аҭҟәаҩцәа рыӡбахә еилкаахеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

"Ахьӡ архынҳәра" апроект ахәаақәа ирҭагӡаны, уажәшьҭа 21-ҩык, Гагра араион иалҵыз, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз рҭаацәа, рнапаҟны ирыҭан, рыуацәа ахьҭакыз аконцлагерьқәеи, анышә иахьамадоу аҭыԥқәеи ртәы зҳәо ақьаадқәа. Раԥхьатәи анашьара мҩаԥысит 2017 шықәса анҵәамҭазы.

Леон Минджия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Акурсант "Ахьӡ архынҳәра" иазкны: ауаа рылаӷырӡқәа рзынкылом

Аԥсны иалҵыз, хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазку Амемориалтә проект "Ахьӡ архынҳәра" автор Григори Скворцов иажәақәа рыла, Аԥсны атәылахьчара аминистрреи, араионтә комиссариатқәеи, аҭыԥантәи Ахадарақәеи рыцхыраарала, Аҟәатәи иреиҳау азеиԥшархәҭатә ҵараиурҭа астудентцәа алархәны нап аркуп аҭҟәаҩцәа рхаҭара ашьақәыргылара.

Цәыббра 11 рзы, Гагратәи акультура аҩнаҟны, дара рҭаацәа рнапаҟны ирыҭан, аҭҟәаҩцәа ахьыргәаҟыз аконцлагерьқәеи, анышә иахьамадоу аҭыԥқәеи ртәы ахьаарԥшу ашәҟәқәа.

Зыхьӡ ырхынҳәыз рхыԥхьаӡараҟны иҟан, Шталаг №6 аконцлагерь аҟны зыԥсҭазаара иалҵыз, Германиа, Дрезден ақалақь азааигәара анышә иамадоу Седрак Арутиун-иԥа Сефериан, Шталаг №366 иҭакыз, Польша анышә иамадоу Костиа Алхаз-иԥа Сыҷынаа, Румыниа, алагерь №10 аҵакыраҟны анышә иамадоу Сурен Макаирос-иԥа Асланиан, рхаҭара шьақәыргылан аконцлагерьқәа рыҭҟәаҩцәа Апитнаком Пашииани, Георг Кешьиани.

Костиа Сыҷынаа изку ашәҟәқәа здызкылаз иҭынха Анзор Сыҷынаа, апроект авторцәеи, иазааԥсоуи зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Костиа Алхаз-иԥа сабду иашьа иоуп. Ҳара ҳҭаацәа, 20 шықәса иԥшаара ҳнапы алакын. Англиа, Германиа, Ҟрым уҳәа, ишьҭақәа ахьцоз ҳаимдон. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы, ҳгәы каҳаит, избанзар ихаҭара ашьақәыргылара ҳамч ақәымхеит. Иахьа шәара шәыбзоурала ҳнапаҟны иаҳкуп, ҳабду иашьа ихаҭара шьақәзыргыло ақьаадқәа, уажәшьҭа хабарда дыбжьамӡӡеит, иаҳдыруеит ихаҭгәын ахьыҟоу", — иҳәеит иара.

Ветеран ВОВ Чакрян Арсен Амбарцумович. - Sputnik Аҧсны
Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Арсен Чакриан

Асценахь дааԥхьан, аконцлагерьқәа рыҭҟәаҩцәа рыхьӡ ашьақәыргылара знапы алакыу, здацқәа Аԥснынтәи иаауа, Москватәи ажурналист Роберт Авџьиан. Уи ибзоурала, аԥсуа ҭаацәарақәа аӡәырҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз рхаҭара шьақәыргылоуп. Иахьагьы, Роберт Авџьиан Ҟаитанаа рҭаацәара рнапаҟны ириҭеит зыԥшаара илшаз Мариа Ҟаитан лыхьӡ зҳәо ақьаадқәа. Лара лыԥсҭазаара далҵит 1944 шықәсазы, анемец концлагерь Маунтхаузен аҿы.

"Сара аусура аганахь ала Австриа саныҟаз, избеит уаҟа анышә ишамадоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаа аан иҭахаз Аԥсны ахаҭарнакцәа. Аԥсуа жәлақәа анызба, аинтерес кны сашьҭалеит аҭҵаарақәа рымҩаԥгара", — ҳәа азгәеиҭоит ажурналист.

Азал аҟны еизаз идырбан, апроект "Ахьӡ архынҳәра" ахықәкы атәы зҳәо адокументалтә фильм. Уаҟа, хабарда ибжьаӡны иԥхьаӡаз Азиз Агрба иԥҳа Лиалиа, лаб анышә дахьамадаз Ростовтәи аобласт ахь дган. Аконцлагерьқәа рҟны ауаа шдыргәаҟуаз, ишыршьуаз, ишырбылуаз лаӷырӡыда ахәаԥшра уадаҩын.

"Ахьӡ архынҳәра" апроект автор Григори Скворцов иҳәеит, ԥхьаҟа, аконцлагерьқәа рҟнытә иоурыжьыз, аха аԥсадгьыл шәаӷоуп ҳәа гәыбӷан зыҭаны аус иақәдыршәаз рыӡбахәгьы аилкаара ишашьҭало.

Иара убас, аҭагылазаашьа ихы иархәаны иҭабуп ҳәа иаиҳәеит, Гагра араион, Цандрыԥшь ахырхарҭаҟны аԥшаарақәа рымҩаԥгараҿы ацхыраара аазырԥшыз, Мкьалрыԥшь ақыҭа Ахадара аиҳабы Альберт Авџьиан.

Апроект анагӡара знапы алаку акурсантцәа ражәақәа рыла, зыӡбахә еилыркаауа аибашьҩы, иҭаацәа ажәабжь рызнагара даара игәыҭшьаагоу усуп, алаӷырӡ ацуп.

© Sputnik / Саида ЖибаГагра араион иатәыз, аконцлагерьқәа рыҭҟәаҩцәа даҽа фҩык рыӡбахә еилкаахеит
Гагра араион иатәыз, аконцлагерьқәа рыҭҟәаҩцәа даҽа фҩык рыӡбахә еилкаахеит  - Sputnik Аҧсны
Гагра араион иатәыз, аконцлагерьқәа рыҭҟәаҩцәа даҽа фҩык рыӡбахә еилкаахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0