Аҩыза изы ажəа: Шьараф Маршьан Геннади Гагәылиа изкны

© Sputnik Томас ТхайцукШьараф Маршьан
Шьараф Маршьан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҩатə машəыр иахҟьаны иаамҭаӡамкəа зыҧсҭазаара иалҵыз Геннади Гагəылиа иҭахара даара ихьаазго, Шьамтәыла иаҭааны иҟаз аҧсуа делегациа иалахәыз ҳџьынџьуаҩ Шьараф Маршьан Сырма Ашәҧҳа илзеиҭеиҳәеит игәалашәараҿы ари ауаҩ дшаанхо.

Сырма Ашәҧҳа, Sputnik

Зҭоурыхтə ҧсадгьыл гəыла-ҧсыла иадҳəалоу, акыр шықəса Шьамтəылатəи Арабтə Республикаҿы инхоз, уи аҳəынҭқарра ашьақəыргылараҿы абиҧарала зџьабаа ду аду ҳџьынџьуаҩ Шьараф Маршьан шықəсқəак ҵуеит ҭаацəала Аҧсныҟа дхынҳəижьҭеи. Иара изныкымкəа Шьамтəылатəи Жəлар Реизара адепутатс далырххьеит, иажəа акрыҧхылнадоит, дуаҩ ҟəыҕоуп. Арҭ амшқəа рзы Шьамтəылатəи аҳəынҭқарра иаҭааз Аҧсны ахада хадара ззиуаз аделегациа далахəын Шьараф Амаршьан. Даара ихьааигоит ҷыдала Шьамтəылатəи Ареспубликеи Аҧсныи рыбжьара зыҿиара иаҿу аиҩызаратə аусеицуратə еизыҟазаашьақəа рҿы, иара убас Шьамтəыла ҳхьыҧшымра азхаҵара аус аҿы злагала рацəоу, зааҧсара аду, амҩатə машəыр иахҟьаны иаамҭаӡамкəа зыҧсҭазаара иалҵыз Геннади Гагəылиа иҭахара.

Началась церемония прощания с Геннадием Гагулия - Sputnik Аҧсны
Геннади Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа хацыркхеит

"Геннади Гагəылиа изныкымкəа Шьамтəылатəи Ареспублика даҭаахьан. Аҳəынҭқарра анапхгареи, уа инхо аҧсуа-черқьес диаспореи иареи акырынтə еиқəшəахьан, еиҧылахьан, еицəажəахьан. Аҧсназы даара акрызҵазкуа аусқəа еиҿикаауан. Даҧсыуа хаҵан, дызлагоз аус аҵыхəтəанӡа инаигӡон", — ҳəа азгəеиҭоит Шьараф Маршьан.

Шьараф Маршьани Геннади Гагəылеи акыр шықəса раахыс хаҭала еибадыруан. Аҳəаанырцə инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадарақəа еиҳа ианкəадаз инаркны иахьа уажəраанӡа, Гагəылиа ари аус иҽазҵəылхны дашьҭан. Лассы-лассы дырҭаауан ҳџьынџьуаа ахьынхоз атəылақəа. Урҭ ахьынхоз аҳəынҭқаррақəа рнапхгареи иареи еицəажəон,Аҧсынтəыла аӡбахə ишақəнагаз еиҧш ирызнеигон.

"Шьамтəылатəи Аҳəынҭқарра Ахада Башар Асад инаиркны иара дыздыруаз зегьы, даара гəалсра дула ирыдыркылеит Геннади Гагəылиа иҭахара. Дамаск иаартуп иара ихьӡала адышшыларақəа ахьанырҵо ашəҟəы. Уахь инеиуеит аполитикцəа, ауаажəларратə усзуцəа, аҧсуа-адыга диаспора. Еизаз идырбан Аҧснынтə инарышьҭыз иара иҧсҭазаареи ирҿиареи ирызкыз афильм", — иҳəеит Маршьан.

Президент Сирии Башар Асад. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Башар Асад Аԥсны аԥыза-министр иҭахара инамаданы адышшылара ҟаиҵеит

Шьараф Маршьан излазгəеиҭо ала, Шьамтəылатəи Аҳəынҭқарра амассатə-инфоримациатə хархəагақəа рҟны, ателехəаҧшратə каналақəеи, апериодикатə кьыҧхьи рҟны ажурналистцəа азааҭгылоит Геннади Гагəылиа иҭахара, иара убас уи ижəлари иҧсадгьыли рзы илиршаз аус дуқəа ртəы.

"Арҭ амшқəа рзы Геннади Гагəылиа дызланы Шьамтəыла иҟаз Аҧснытəи аделегациа саргьы салахəын. Исҳəар ауеит, иҧсҭазаара аҵыхəтəантəи амшынӡа ҳаицын ҳəа. Даара ааха ҕəҕəа ҳнаҭеит амҩан иҳаҳаз ажəабжь хлымӡаах. Ухшыҩ аҿы иузаамго хҭысны иҟалеит. Ажəлар дырзааигəан, патула дырзыҟан, иаргьы ҳаҭырқəҵарыла изнеиуан. Сгəы иаҭаху зегьы сҿы исзамырҳəар ҳəа сшəоит", — ҳəа азгəеиҭеит Шьараф Маршьан.

Даара аҵакы змаз аҭоурыхтə мҩа данысит Геннади Леонид-иҧа Гагəылиа. Иара илиршеит иҧсадгьыли иуаажəлари ламысцқьала рымаҵ аура, аҿар бзиа реиҵааӡара. Аҧсы ҭоуп наунагӡа Геннади Леонид-иҧа игəалашəара, иажəа ҟəыҕа, иҟазшьа аҷыдара бзиақəа. Аҧснеиҧш уи анҭыҵгьы гəыблыла дыргəаладыршəалап, ихцəажəалап ас еиҧш ауаҩ ду, ауаҩ ҟəыҕа, аҧсуа хаҵа. Ҿыцəаара зқəым ишьҭамҭа аҭоурых иазынижьит. Еизҳауа абиҧарақəа рзы Геннади Леонид-иҧа Гагəылиа ихаҿсахьа ҿырҧшы бзианы иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0