Шьамтәылатәи аԥышәа Аԥсны ахархәара: аруаа Ҵабал "атеррористцәа" ҭадырхеит

© пресс-служба ЮВОВ Абхазии в ночных условиях РСЗО "Град" и бомбардировщики Су-25 ЮВО уничтожили заглубленные штабы боевиков на учениях
В Абхазии в ночных условиях РСЗО Град и бомбардировщики Су-25 ЮВО уничтожили заглубленные штабы боевиков на учениях - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигон "Ҵабал" аҿы. Аррамаҵзурауаа хысуан ареактивтә система "Град", аминаршәгақәеи агаубицақәеи рыла, адгьылаҵаҟатәи аштабқәеи аимадарамҩақәеи, "аӷа" имчрақәеи ирықәкны километрак аҟынтәи жәа-километрак рҟынӡа набжьаны. Аԥшыхәратә усқәа ирылахәын аԥырҩыдатә шьақәгылақәа.

АҞӘА, цәыббра 12–Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла арратә база артиллеристцәеи абомбакажьгақәа Су-25 уахынла, Аԥснытәи ашьхақәа рҿы имҩаԥыргоз аҽазыҟаҵарақәа раан "атеррористцәа" адгьылаҵатәи рыштабқәа ршьаҽит. Абри атәы аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

Вертолет Ка-52 Аллигатор - Sputnik Аҧсны
"Аллигаторқәа" рыла "шахид-мобилқәа" ирыжәлеит арра-ҽазыҟаҵарақәа раан

Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигон "Ҵабал" аҿы. Аррамаҵзурауаа хысуан ареактивтә система "Град", аминаршәгақәеи агаубицақәеи рыла, адгьылаҵаҟатәи аштабқәеи аимадарамҩақәеи, "аӷа" имчрақәеи ирықәкны километрак аҟынтәи жәа-километрак рҟынӡа набжьаны. Аԥшыхәратә усқәа ирылахәын аԥырҩыдатә шьақәгылақәа.

"Аоператив-тактикатәи ажәыларатә авиациеи рҳаирпланқәа аус рыдырулон аракета-бомбатә жәылара атактика. Аистребительқәа Су-30, Су-27СМ абомбакажьга Су-25 ауснагӡатә иалахәын арратә база амотохысратә ҟәшақәа рыцхырааразы" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Хықәкыла аҳаиртәи артилериатәи жәылара мҩаԥыргон ар рыԥшыхәцәа. Урҭ рхы иадырхәон аԥшыхәреи, анапхгареи, аимадареи ркомплекс "Стрелец-ВР".

Аполигон артиллериа тактикатә дәы еиқәыршәоуп ҳаамҭа иақәшо аимитациатә хархәагақәа рыла. Дара иалдыршоит иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа аҽазааигәатәра. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ ироуз аибашьратә ԥышәа шьаҭас иганы.

Аладатәи арратә округ ҩ-ганктәи арота-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа. Есыҽны Аԥсны уи рхы аладырхәуеит зықьҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа, 300 инареиҳаны арратә техника, акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ "Мустанги" БТР-80 иақәгылоу аимадара машьынақәеи налаҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0