Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҵәахырҭатә банк ақәлара иазкны ашьаус хацнаркит

© SputnikСбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа, Ацҳа ҟаԥшь ааигәара иҟоу Аԥсны аҵәахырҭатә банк аҟәша иақәлеит цәыббра 10, 12:50 сааҭ рзы.

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аҵәахырҭатә банк аҟәша ақәлара инадҳәаланы ашьаус хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵааратә ҟәша ашьаус хацнаркит ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы атәым мазара атәтәразы ақәылара амҩаԥгара инадҳәаланы ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Мужчина с ножом - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҵәахырҭатә банк аҟәша дырҳәит

Аԥсны аҵәахырҭатә банк аҟәша иақәлеит ҳәа Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан асааҭ 13:00 рзы.

"Ишьақәыргылоуп асааҭ 12:40 рзы абанк ишақәлаз асабрадақәа зҿаз хҩык ахацәа. Абџьар рхы иархәаны 205 нызқь мааҭ аԥара ргеит", — ҳәа азгәаҭоуп асаит аҿы.

Аоперативтә усзуҩцәа ишьақәдыргылеит ацәгьоуцәа злабналаз автомашьына амарка.

"Аамҭақәак рышьҭахь уи автомашьына Аҟәа араион аҿы ирбеит", — ҳәа аҳәоит аусбарҭа.

Уажәазы ацәгьоура мҩаԥызгаз ахаҿқәа рышьақәыргыларази раанкыларази аус руеит азинхьчаратә органқәа.

Аԥсны аҵәахырҭатә банк иашьаҭаркҩуп аҳәынҭқарра ахьӡала иқәгыло Амилаҭтә банк. Иахьазы абанк активқәа идыртәоит 45%. Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа 7 амоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0